Ашьапылампыл азы ахәыҷтәы лига ахәмаррақәа хацнаркит

Ашьапылампыл азы ахәыҷтәы лига ахәмаррақәа ирылахәхоит 50 команда.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 3– Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Ашьапылампыл азы ахәыҷтәы лига ахәмаррақәа ирылагоит мшаԥы 13 рзы ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит ареспублика ашьапылампылтә лига адиректор Витали Федоренко.

Ҳашԥҳа "Динамо" ааӡамҭацәа рзы: ахәыҷқәа есҽны аиааира ргалар, ибжьнахуеит

Ааԥынтәи аиндаҭларақәа ирылахәхарц азы азыҳәа ҟарҵахьеит 50 команда. Федоренко иажәақәа рыла ари ахыԥхьаӡара еиҭахгьы иацлар алшоит. Уажәы акомандақәа қәрала еихыршоит. Аиҳабыратә гәыԥ иаҵанакуеит 2004-2005 шықәсқәа рзы ииз аспортсменцәа, аиҵбыратә гәыԥ –2010 шықәса рзы ииз.

2019 шықәса рзы аиндаҭлара иалахәхо зегьы ашьапылампыласыҩ ипаспорт рымазароуп.

"Азыҟаҵаҩцәа идырдырын рааӡамҭацәа ашьапылампыласыҩ ипаспорт рымамкәа аиндаҭларақәа ишрылахәымхо азы. Асеиԥш ҳаӡбеит ахәмарыҩ ишықәс азы аимак-аиҿак ҟамларц", - ҳәа иҳәеит Федоренко.

Ашьапылампыласыҩ ипаспорт аиуразы аспортсмен Аԥсны ашьапылампыл азы Афедерациахь иираз аршаҳаҭга неигароуп. Ашьапылампыласыҩ, апаспорт змам ахәмаррақәа дрылахәхом ааԥынразтәи аиндаҭлареиԥш егьырҭ Аԥсны имҩаԥысуа аиндаҭларақәа рҿгьы.

Аԥсны ашьапылампыл азы Афедерациаҿ апаспортизациа хыркәшахоит мшаԥы 13 рҟынӡа ҳәа иазырыԥхьаӡоит.