Ауарҳал ҟаԥшь, асасцәа, аԥсуа кәашара: Аҟәатәи акинофестиваль шаартыз

Sputnik

Жәларбжьаратәи  акинофестиваль SIFF 2019 аатит Фазиль Искандер ихьӡ зху аурыс театр аҿы мшаԥы 4 рзы.

Аҟәа иаатит акинофестиваль SIFF 2019

2019 шықәсазтәи аиндаҭлара ахалархәразы иаашьҭын 3000 зыҳәа. Урҭ рҟынтәи иалкаан зметраж кьаҿу 30 усумҭа. Аноминантцәа рахь иаҵанакуеит: Испаниа, Франциа, Германиа, Кореиа, Польша, Косово, Иран, Естониа, Тунис, Италиа, Румыниа, Бырзентәыла,  Китаи, Ҟазахстан, Андорра, Белоруссиа, Урыстәыла, Ҭырқәтәыла, Аԥсны рҟынтәи арежиссиорцәа.

Ажиури аилазаара иалахәуп: арежиссиорцәа Алексеи Федорченкои Нигина Сифулаевеи, SIFF 2018 аиааиҩы Ирина Волкова, акинокритик Маик Нафс (Голландиа), арежиссер Ада Қәираиаԥҳа.

Цкәуа еиҭеиҳәеит Аҟәа имҩаԥгахо Аҩбатәи Жәларбжьаратәи акинофестиваль атәы>>

Афестиваль ахь ааԥхьара рыҭоуп иналукааша актиорцәа: аԥхьахә "Ника" ҩынтәны изаҭәашьоу Александр Иаценкои Зоиа Бербери.

Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны афестиваль информациатә партниорны иазыҟоуп.

 

1 / 14
Аҟәатәи II жәларбжьаратәи акинофестиваль SIFF 2019 аартра
2 / 14
Аҟәатәи II жәларбжьаратәи акинофестиваль SIFF 2019 аартраан еизеит Аҟәа иқәынхо ауааԥсыреи асасцәеи
3 / 14
Аҟәатәи II жәларбжьаратәи акинофестиваль SIFF 2019 аартрахь дааит Урыстәылатәи атеатри акинои рактриса Зоиа Бербер.
4 / 14
Аҟәатәи II жәларбжьаратәи акинофестиваль SIFF 2019 ахь аҳәаанырцәтәи арежиссиорцәа иаарышьҭит арзаҳалқәа 3000, урҭ рахьтә иалырхит зметраж маҷу афильмқәа 30.
5 / 14
Ахацәа рыбжьара иреиӷьу ароль азы аԥхьахә "Ника" ҩынтә иалауреатхахьоу аурыс актиор Александр Иаценко иԥшәмеи иареи.
6 / 14
Акинофестиваль аӡбаҩцәа руаӡәк, аԥсуа режиссиор Ада Қәираиа.
7 / 14
Аҟәатәи II жәларбжьаратәи акинофестиваль SIFF 2019 аартра
8 / 14
Афестиваль аноминантцәа рахь иаҵанакуеит: Испаниа, Франциа, Германиа, Кореиа, Польша, Косово, Иран, Естониа, Тунис, Италиа, Румыниа, Бырзентәыла, Китаи, Ҟазахстан, Андорра, Белоруссиа, Урыстәыла, Ҭырқәтәыла, Аԥсны рҟынтәи арежиссиорцәа.
9 / 14
Аҟәатәи II жәларбжьаратәи акинофестиваль SIFF 2019 аволонтиорцәа
10 / 14
Аҟәатәи II жәларбжьаратәи акинофестиваль SIFF 2019 аартраан ашоу-гәыԥ "Аԥсны" инанагӡеит убла хызкуа амилаҭтә кәашарақәа.
11 / 14
Ашоу-гәыԥ "Аԥсны" асолист инаигӡаз аҟама кәашара.
12 / 14
Аҟәатәи II жәларбжьаратәи акинофестиваль SIFF 2019 аҟны раԥхьа иддырбаз акиносахьа арежиссиор Артур Пинхасов иҭихыз "Братство Маргариты" акәхеит.
13 / 14
Аҟәатәи II жәларбжьаратәи акинофестиваль SIFF 2019 официалла иааиртит уи ахантәаҩы, аԥсуа режиссиор Виачеслав Аблоҭиа.
14 / 14
Аҟәатәи II жәларбжьаратәи акинофестиваль SIFF 2019 аартра ацеремониа амҩаԥгаҩцәас иаман Милана Ломиаԥҳаи Ҭемыр Аршбеи.