Аҟәа иаатит акинофестиваль SIFF 2019

© Sputnik / Томас ТхайцукАҟәатәи II жәларбжьаратәи акинофестиваль аартра
Аҟәатәи II жәларбжьаратәи акинофестиваль аартра - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи II жәларбжьаратәи акинофестиваль SIFF 2019 мҩаԥысуеит Фазиль Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр аҿы мшаԥы 4-8 рзы.

АҞӘА, мшаԥы 5 - Sputnik, Бадри Есиава. Аҟәатәи II жәларбжьаратәи акинофестиваль SIFF 2019 аатит Фазиль Искандер ихьӡ зху аурыс театр аҿы мшаԥы 4 рзы.

© Sputnik / Томас ТхайцукАҟәатәи II жәларбжьаратәи акинофестиваль аартра
Аҟәатәи II жәларбжьаратәи акинофестиваль аартра - Sputnik Аҧсны
1/4
Аҟәатәи II жәларбжьаратәи акинофестиваль аартра
© Sputnik / Томас ТхайцукАҟәатәи II жәларбжьаратәи акинофестиваль аартра
Аҟәатәи II жәларбжьаратәи акинофестиваль аартра - Sputnik Аҧсны
2/4
Аҟәатәи II жәларбжьаратәи акинофестиваль аартра
© Sputnik / Томас ТхайцукАҟәатәи II жәларбжьаратәи акинофестиваль аартра
Аҟәатәи II жәларбжьаратәи акинофестиваль аартра - Sputnik Аҧсны
3/4
Аҟәатәи II жәларбжьаратәи акинофестиваль аартра
© Sputnik / Томас ТхайцукАҟәатәи II жәларбжьаратәи акинофестиваль аартра
Аҟәатәи II жәларбжьаратәи акинофестиваль аартра - Sputnik Аҧсны
4/4
Аҟәатәи II жәларбжьаратәи акинофестиваль аартра
1/4
Аҟәатәи II жәларбжьаратәи акинофестиваль аартра
2/4
Аҟәатәи II жәларбжьаратәи акинофестиваль аартра
3/4
Аҟәатәи II жәларбжьаратәи акинофестиваль аартра
4/4
Аҟәатәи II жәларбжьаратәи акинофестиваль аартра

Афестиваль аадыртит Милана Ломиаԥҳаи Ҭемыр Аршбеи. Аԥхьатәи ажәа иҳәеит акинофестиваль ажиури ахантәаҩы, урыстәылатәи арежиссиор, апродиусер Алексеи Федорченко. Иара иажәахә аҿы иазгәеиҭеит зметраж кьаҿу акино аҭыхра ауадаҩрақәа шацу.

"Хаҭала сара зметраж кьаҿу афильм ҭысхаанӡа аметраж ду змоу афильмқәа ԥшьба ҭысхит. Ибзианы еилыскаауеит ауадаҩрақәа иацу", - иҳәеит Федорченко.

Открытие международного кинофестиваля - Sputnik Аҧсны
Жәларбжьаратәи акинофестиваль аатит Аҟәа

Аҩбатәи Аҟәатәи жәларбжьаратәи акинофестиваль SIFF 2019 официалла иааиртит аԥсуа режиссиор Виачеслав Аблоҭиа.

Аблоҭиа иҳәеит агәахәара ду шимоу ареспубликаҿ акинематограф аҿиаразы, аԥсуа режиссиор қәыԥшцәа ахьеиҵагылаз.

"Ҳҿар раԥхьатәи ршьаҿақәа еихыргоит, аха акыр удыргәырӷьартә иҟоуп. Маҷк аццакра рыгзаргьы – гәазҳароуп", - иҳәоит Аблоҭиа.

Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба ихьӡала адныҳәаларатә шәҟәы даԥхьеит иабжьгаҩ Владимир Занҭариа. Аҳәамҭаҿы иазгәаҭоуп ареспублика аҿартә политиказы Аҳәынҭқарратә еилакы Аԥсны жәларбжьаратәи аимидж аизырҳаразы иҟанаҵо аҽазышәарақәа:

Кадры из фильма Меня зовут Махаз - Sputnik Аҧсны
Акиносахьа "Махаз сыхьӡуп" Москватәи акинофестиваль аҿы аиааира агеит

"Иазгәаҭатәуп акинофестиваль агеографиа аҽшарҭбаауа. Арахь иаҵанакит Урыстәыла, Европа, Азиа, Мрагылара Ааигәа, Аҩадатәи Африка ртәылақәа. Агәра згоит еиҳа иналукааша, баҩхатәра дула инагӡоу акинопроектқәа ахәаԥшцәеи акритикцәеи ахәшьара бзиа рзыҟарҵап ҳәа".

Афестиваль аартра иалахәын ашоу-гәыԥ "Аԥсны". Урҭ рыкәашара ихнахит еизаз зегьы, аиҳаракгьы асасцәа.

"Братство Маргариты" (арежиссиор Артур Пинхасов) акинофестиваль аҿы иддырбаз аԥхьатәи усумҭоуп.

Кадр из фильма Отец Тимура Квеквескири - Sputnik Аҧсны
Ҭемур Кәакәасқьыр ифильм "Аб" Волоколамсктәи акинофестиваль аԥхьахә аиуит

2019 шықәсазтәи аиндаҭлара ахалархәразы иаашьҭын 3000 зыҳәа. Иааԥхьаз рахь иаҵанакуеит: Испаниа, Франциа, Германиа, Кореиа, Польша, Косово, Иран, Естониа, Тунис, Италиа, Румыниа, Бырзентәыла, Китаи, Ҟазахстан, Андорра, Белоруссиа, Урыстәыла, Ҭырқәтәыла, Аԥсны рҟынтәи арежиссиорцәа.

Ажиури аилазаара иалахәуп: арежиссиорцәа Алексеи Федорченкои Нигина Сифулаевеи, SIFF 2018 аҟны иаиааиз Ирина Волкова, акинокритик Маик Нафс (Голландиа), арежиссиор Ада Қәираиаԥҳа.

Sputnik Аԥсны афестиваль информациатә партниорс иазыҟоуп.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0