Урыстәылатәи аруаа Аԥсны ашьхарақәа рҿы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит

1500-ҩык инарзынаԥшуа аруаа злахәыз аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥган Кавказ ашьхақәа рҿы.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 5 - Sputnik. Урыстәылатәи амотохысцәа "аӷа" ижәлеит Кавказтәи ашьхақәа рҿы. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура аиҳабы Вадим Астафиев иажәақәа шьаҭас иҟаҵаны.

Аладатәи арратә округ аминаршәыҩцәа Аԥсны аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит

Атактикатә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥган Аԥсны, Ермантәыла, Аахыҵ Уаԥстәыла, Ростовтәи аобласт, Ҟрым, Даӷьсҭан, Ҟарачы-Черкесиа.

Аҽазыҟаҵарақәа рыплан инақәыршәаны, аруаа арратә авиациа Ми-8АМТШ авертолиотқәа "Терминатор" рҟынтәи аквадроциклқәа ирықәтәаны иахьнеиша инеиуан. "Аӷа" танклеи артиллериалеи деиқәшәан. Иҟалар зылшо аибашьратә ҭагылазаашьа аԥҵаразы ахархәара рырҭон аимитациатә зариадқәа ИМ-120, адырраҭаратә ракетақәа.

1500-ҩык инарзынаԥшуа аруаа, 250-ҩык арратә техника, арратә вертолиотқәа 10 злахәыз аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥган Кавказ ашьхақәа рҿы.