Аԥсны имҩаԥысраны иҟоуп "Аҵх амузеи аҟны" захьӡу акциа

Адунеи зегь аҟны лаҵарамза 18 рзы иазгәарҭо Жәларбжьаратәи акциа "Аҵх амузеи аҟны" Аԥсны ҩаԥхьа имҩаԥысуеит.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 6 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсуа музеиқәа рҟны ргәы иҭоуп акциа "Аҵх амузеи аҟны" иаҭаауа дыршанхарц лҳәеит Аԥсны Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистр Ельвира Арсалиа, Sputnik акорреспондент данлыҿцәажәоз.

"Абар уажәшьҭа хәышықәсоуп ҳара акциа "Аҵх амузеи аҟны" мҩаԥаагоижьҭеи. Уи акциа адунеи зегь аҟны иадгыло атәылақәа рацәоуп. Ҳара ҳмузеиқәагьы уи ауха аҭааҩцәа рзы рышәқәа аадыртуеит", – лҳәоит Ельвира Арсалиаԥҳа.

Раԥхьаӡакәны "Аҵх амузеи аҟны" Аԥсны имҩаԥысит 2015 шықәсазы Аҳәынҭқарратә музеи аҟны. Аминистр лажәақәа рыла, адырҩашықәсан рхы аладырхәит Аԥснытәи даҽа ҩ-музеик.

"Аҵх амузеи аҟны" мҩаԥысуеит Аҟәа

"Есышықәса ари акциа амҽхак арҭбаауеит. 2016 шықәсазы уи иадгылеит Аибашьратә фырхаҵара амузеии Гәлиа ихьӡ зху Алитературатә музеии. Сынтәа ари акциа рхы аладырхәырц ажәалагалақәа ҳмузеиқәа зегьы ирзынаҳашьҭит", – лҳәеит акультура аминистр.

"Аҵх амузеи аҟны" – жәларбжьаратәи культуратә акциоуп, уи раԥхьаӡакәны иаԥшьыргеит Франциа 1999 шықәсазы. Ари ауха амузеиқәа жәпакы рахь  анеира хәыда-ԥсадоуп. Аҿар амузеиқәа радԥхьаларазы еиуеиԥшым амузеиқәа ирӡбоит иформалтәым аусмҩаԥгатәқәагьы дырбара. Аԥсны ари аҩыза акциа иадгылеит 2015 шықәсазы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи иҟанаҵаз аԥшьгамҭала.