Гал араион аҿы ҩ-нызқьҩык адиспансеризациа иахысхьеит

Гал араион аҿы ихыркәшахеит адиспансеризациа актәи аетап. Иара мҩаԥнагоит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра Урыстәыла Афедералтә медико-биологиатә маҵзура ацхыраарала.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 11 - Sputnik. Гал араион аҿы ҩ-нызқьҩык адиспансеризациа иахысхьеит, урҭ рҟынтәи 300-ҩык хәыҷқәоуп ҳәа аанацҳауеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура.

"Ауааԥсыра активла ауснагӡатә рхы аладырхәуеит. Ҳара ԥхьаҟагьы ари аусура иацаҳҵоит. Хара имгакәа Тҟәарчал араион аҿы аусурақәа ирылагоит, нас Очамчыра арион, уи анахыс егьырҭ ареспублика араионқәа рҿы", - ҳәа иҳәеит агәабзиарахьчара аминистр.

Агәабзиарахьчара аминистр дазааҭгылан иҳәеит адиспансиризациа етапк ала ишхыркәшамхо.

Агәабзиарахьчара аминистрра абҷы азы алаҵа ҟаҵатәуп ҳәа ааԥхьара ҟанаҵоит

"Уаанӡатәи ҳаиқәшаҳаҭрақәа инарықәыршәаны имҩаԥгахараны иҟоуп аҩбатәи аетапгьы. Еиуеиԥшым ачымазарақәа здаабалаз, атехнологиа ҳарак иақәшәо ацхыраара зҭахны иҟоу Урыстәыла ФМБА ахәышәтәырҭақәа рахь инашьҭхоит ма ареспублика ацентртә медицинатә усҳәарҭақәа рахь", - ҳәа еиҭеиҳәоит Ҭамаз Ҵахнакьиа.

Гал араион аҿы адиспансеризациа азеиԥш статистика еихишьаалеит ФМБА амедицинатә отриад аиҳабы Борис Александров.

"Мшаԥы 5 -10 ирылагӡаны ФМБА амедицинатә отриад Аԥсны, Гал араион аҿы адиспансеризациа мҩаԥнагоит. Иахьатәи аамҭазы 2000-ҩык ауаа адиспансеризациа иахыжьуп. Имҩаԥгоуп: 400 флиуорографиа, 300 маммографиа, 800 лабораториатә ҭҵаара", - ҳәа еиҭеиҳәоит Александров.

Борис Александров иазгәеиҭеит ФМБА аотриад аҿы ишыҟоу ахырхарҭа рацәа змоу аҳақьымтә еилазаара.

Гал араион аҿы ҩ-нызқьҩык адиспансеризациа иахысхьеит