Агәабзиарахьчара аминистрра абҷы азы алаҵа ҟаҵатәуп ҳәа ааԥхьара ҟанаҵоит

© Sputnik / Виталий Белоусов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВакцинация против гриппа
Вакцинация против гриппа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны, Гал араионқәа рҿы 2019 шықәса иалагӡаны абҷы чымазара рыхьхьеит 18-ҩык ауааԥсыра.

АҞӘА, мшаԥы 10 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны абҷы аҿкразы ашәарҭара ыҟоуп уи инадҳәаланы ауааԥсыра алаҵа аҟаҵара иахысроуп ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура анапхгаҩы Русҭам Занҭариа.

Аԥсны, Гал араионқәа рҿы 2019 шықәса иалагӡаны абҷы чымазара рыхьхьеит 18-ҩык ауааԥсыра. Агәабзиарахьчара аминистрраҿ иазгәарҭеит абҷы азы ахәшә макьаназ ишыҟам.

Европантәи ареспубликахь иаланагалаз авирус аиҳарак зиммунитет лаҟәу ауааԥсыра дуцәа роуп изԥырхагоу, урҭ уаанӡа алаҵа рзыҟарҵахьазаргьы. Адуцәа ахәыҷқәа раасҭа ихьанҭаны ирхыргоит ачымазара убри азы алаҵаҟаҵара хымԥадатәуп ҳәа рҳәеит аминистрраҿы.

Скорик: аимҳәа алаҵа хра аманы ахы аанарԥшит

Ареспубликатә санитар-бактериологиатә лабораториа абазаҿы иаԥҵоу аҳәынҭқарратә санитар-епидемиологиатә маҵзураҿы 18 шықәса ирҭысхьоу ареспублика ауааԥсыра ирылшоит абҷы авирус иацәызыхьчаша аимунтә система аҭагылазаашьа зеиԥшроу агәаҭара алшоит.

Аҭҵаарақәа мҩаԥысуеит Агәабзиарахьчара аминистрра абиуџьет аҟынтәи.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0