Урыстәылатәи аруаа аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит

Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ аруаа аҽазыҟаҵарақәа раан аҭыԥ аҭаԥшыхәреи "аӷа" иаарԥшреи рганахь ала анормативқәа аус рыдырулеит.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 11 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ аруаа атактикатә ҵара-зыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит аполигон "Ҵабал" аҿы ҳәа ааицҳауеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура аиҳабы, аполковник Вадим Астафьев.

Аладатәи арратә округ аминаршәыҩцәа Аԥсны аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит

Азыҟаҵарақәа раан 60 рҟынӡа усдҵа мҩаԥган быжькилометрак рҟынӡа ахьынабжьоу аҭыԥ аҿы иҟоу "аӷа" икәылӡтәы техникеи ршьаҟауааи рнырҵәаразы.

"Аӷа" иехсуан агаубицақәа Д-30и 120-миллиметра згәыцә ыҟоу аминометқәа "Сани" рыла. Артиллериа аҳасабтәқәа анапхгаратә пункт аҟынтәи иаашьҭыз акоординатқәа ириехсуан. Ихысцыԥхьаӡа артиллеристцәа рҭыԥ рыԥсахуан.

Акоординатқәа рганахь ала адыррақәа ҟарҵон аԥырҩы дызмам ахархәагақәеи аԥшыхәратә комплексқәеи, аимадара анапхгара КРУС "Стрелец" рҟынтәи.

Аҵара-ҽазыҟаҵарақәа ирылахәын 500-ҩык рҟынӡа аррамаҵзурауаа, 80 инареиҳаны арратә техника, ареактивтә системақәа "Градгьы" абрахь иналаҵаны.