Саида Жьиԥҳа, Sputnik
Асҭамыр Матуа аррамаҵура данахысуаз, иҭаххеит ԥхьаҟагьы ари ахырхарҭала аусура далагарц. Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра амаҵ азызуа иҩызцәа, шықәсык аԥхьа амцарцәаратә-ахархәаратә спорттә усмҩаԥгатә ахь реицлабра дахәаԥшырц азы ааԥхьара анирҭа, арԥыс еиликааит, ари азанааҭ еиҳагьы игәы шазыблыз.
"Амцарцәаратә-аиқәырхаратә хархәагақәа зманы аҩреи, аԥынгылақәа змаз шәметрактәи аҩреи, аибашьра аиҵыхреи рҟны еиндаҭлоз агәыԥқәа санрылаԥш, еилыскааит ари баша аспорттә усмҩаԥгатә шакәымыз. Аҷкәынцәа иаадырԥшуан минуҭқәак ирылагӡаны амца арцәареи, ауаҩы иԥсҭазаара аиқәырхареи иахьынӡазыхиоу. Ауадаҩреи, ашәарҭареи зцыз, зда ауаажәлар хәарҭам амцарцәаҩ изанааҭ убасҟан ахә ҳаракны исшьеит", - иҳәоит Асҭамыр Матуа.
Шықәсык иназынаԥшуа Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра, Гагра араион ахьчаразы амцарцәаратә-аиқәырхаратә гәыԥ аҟны аусура иалагаз Асҭамыр Матуа, ари аамҭа иалагӡаны жәаба инареиҳаны амцарцәарақәа дрылахәын. Раԥхьатәи иҭыҵра, ахымш раан акәхеит.
"Иҵабыргны амцарцәара сандәықәла, ҩнуҵҟала иснырит уи шаҟа аҭакԥхықәра дуӡӡа ацыз. Амашәыр иақәшәаз аҭаацәара рыдагьы, угәыԥ иалоу рзы агәҭынчымра узцәырҵуеит. Ԥсҭбарада ҳаилгандаз ҳәа ухәыцуеит. Раԥхьатәи сҭыҵра саӡрыжәит, агәаӷь снаҭеит", - игәалашәоит амцарцәаҩ.
Асҭамыр Матуа иазгәеиҭеит, сынтәатәи ашықәс алагамҭазы, Гагра амца зкыз ҩнык аҟны инеиаанӡа ауада иҩнахаз, аиарҭа иагәылаз аԥҳәыс бырг дышблыз. Уи хьаа дуны изыҟалеит ҿыц аусура иалагаз арԥыс.
"Зхы иамыхәоз абырг, амца иамҽханакыз ауада дыҩнаблеит. Уи даара игәнызгеит. Шәара шәазхәыц, ула шааԥшуа амца укуеит, арахь акагьы умчымкәа ушыҵәаауа уԥсуеит. Ианаасгәалашәалак сцәа сыҭӡыӡаауеит", - арыцҳара зцыз ахҭыс еиҭеиҳәоит арԥыс.
Аобиект амца анакуа, уи арцәараҿы 50% аҭакԥхықәра зду амашьынаныҟәцаҩцәа роуп ҳәа азгәеиҭоит Асҭамыр. Избанзар дара шаҟа иццакуа, амҩа кьаҿи, анеирҭа маншәалеи алырхуа, насгьы ааигәа иҟоу аӡеизакырҭа ҭыԥқәа рдыруа аҟара, ирласны амашәыр аԥырҟәҟәахоит.
Амцарцәаҩцәа-аиқәырхаҩцәа ракәзар, рымаха-рышьаха ӷәӷәазароуп, агәаӷьра рымазароуп. Асҭамыр иҳаилиркааит амца зкуа аобиектқәа 10-15 минуҭ рыла арцәара шрылшо. Иазгәеиҭеит ирыцу, аиҳабыратә маҵурақәа аанызкыло аҟарул аиҳаби, аоперативтә ҷаԥшьаҩи, ргәыԥ акомандаҟаҵаҩцәеи ԥызара уны дара раԥхьа ишжәыло. Асҭамыр зегь раасҭа зырцәара уадаҩу акәны иԥхьаӡоит абнара. Убри аҟнытә, аҭагылазаашьа ихы иархәаны ауаажәлар ирабжьеигоит аԥсабара еиҷаҳаларц.
Мшаԥы 17 рзы, Аԥсны иазгәарҭоит амцарцәаратә-аиқәырхаратә гәыԥ ашьақәгылара амш.
Ари арыцхә инамаданы, зхатә ԥсҭазаара иамеигӡакәа ажәлар рымаҵ зуа амцарцәыҩцәа-аиқәырхаҩцәа Асҭамыр Матуа ирзеиӷьеишьоит рнапы злаку аус аҿы аманшәалареи, агәыӷәӷәареи, аилкаареи.
Амцарцәаратә усбарҭақәа амцарцәара-еиқәырхаратә спорт аҟны реицлабра
Ааигәа, Асҭамыр Матуа далахәхоит, шықәсык аԥхьа амцарцәаҩ азанааҭ игәазырԥхаз амцарцәаратә-ахархәаратә спорттә усмҩаԥгатә. Ари ахҭыс иазыԥшыз арԥыс, иахьа аҽазыҟаҵара даҿуп. Издыруада уи аҽны, Асҭамыр еиԥш даҽаӡәгьы ари азанааҭ игәаԥханы дазхьаԥшыр.