Гагра араион аҟны сават аспорт хкы аҿиара иаҿуп

© Foto / Саида ЖибаГагра араион аҟны сават аспорт хкы аҿиара иаҿуп
Гагра араион аҟны сават аспорт хкы аҿиара иаҿуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Франциатәи абокс ҳәа изышьҭоу сават аспорт хкы азы, Гагра араион аҟны хымз раахижьҭеи асекциақәа аартуп.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Аҩреи, абҩарҵәыреи, аҽеиҵыхреи, ақшаратә техникеи уҳәа шьаҭас измоу, имчу, иконтакттәу франциатәи аибашьыгатә спорт хкы, мамзаргьы франциатәи абокс ҳәа изышьҭоу сават азы Афедерациа, Аԥсны ишьақәгылеижьҭеи уамак мҵуазаргьы, ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи рыбжьара аинтерес цәырнагеит.

Теннисные корты - Sputnik Аҧсны
Ҷыдала аимператор изы: Гагратәи аԥкьаҭ асратә дәы аҭоурых

Иахьа Гагра ақалақь, ахԥатәии, аԥшьбатәии абжьаратә школқәа рҿы иаартуп асекциақәа ҩба. Арахь иныҟәоит 60-ҩык хәышықәса зхыҵуа инаддыркны аӡӷабцәеи, аҷкәынцәеи. Асекциа ааӡамҭацәа рықәратәи, ртехникатә рбагақәеи рыла гәыԥ-гәыԥла еихшоуп.

Азыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит Аԥсны сават азы Афедерациа Ахада, ҩынтә Урыстәыла иачемпионхахьоу, адунеитә чемпионат аҟны аџьаз иаԥсахахьаз, изныкымкәа Аладатәи Урыстәыла иачемпионхахьоу Андреи Дашьиани, убас ихаҭыԥуаҩ, Амшынеиқәатә чемпионатқәа ириаахьоу, Ҟабарда-Балкариа "Ельбрус" ахраҿа занашьоу, Москватәи иаарту аицлабра иачемпиону Нико Саакови.

"Макьаназы ҳҩыџьегьы ҳауп ари аспорт хкы Гагра араион аҿы азыҟаҵаҩцәас иамоу. Ҳаԥхьаҟа иҳавагылаша рааӡара ҳаҿуп. Ҭагалан, сават азы асекциа аартхоит Аҟәа, уаҟа ахәыҷқәа аус рыдиулалоит ҳҵаҩы Асҭан Гыцба", - ҳәа азгәарҭеит арԥарцәа.

Андреи Дашьиани, Нико Саакови Гагра сават аспорт хкы ахәыҷқәа адырԥхьалеит амассатә-информациатә хархәагақәа рыцхыраарала, убас ашколқәа ирҭааны абжьгарақәа ҟарҵон, еиҭарҳәон сават аҭоурых, аҵакы.

Иазгәаҭатәуп, сават азы асекциақәа анаартха, арахь иныҟәо ишалагаз уи аԥхьаҟа егьырҭ аибашьыгатә спорт хкқәа ирызҿлымҳазгьы.

Боџьгәуа: еснагь сыбла ихгыло - иҭахаз сҵаҩцәа роуп

Азыҟаҵаҩцәа иҳаилдыркааит, Аԥсны савати, таитәи абокси рзы Афедерациақәа аимадара шрыбжьоу. Убри аҟнытә, иахьа сават зҽазызкызгьы ирымоуп алшара, таитәи абокс азы имҩаԥысуа аицлабрақәа Аԥснытәи еизгоу акоманда иахәҭакны арылахәрагьы.

Алан Макоев - Sputnik Аҧсны
Алан Макоев: аҿар адәы иацәаҳахьчоит

"Савати, таитәи абокси ртехникақәа еизааигәоуп аҟнытә, ҳхәыҷқәа изныкымкәа аԥхьахәтә ҭыԥқәа ааныркылахьеит Урыстәыла имҩаԥсыуаз таитәи абокс азы аицлабрақәа рҟны. Рыхьӡ сымҳәар залшом аишьцәа Алмаси, Алиаси Ажьиаа. Дара Аладатәи Урыстәылеи, Краснодар атәылаҿацәи ирчемпионхахьеит", - иҳәеит Андреи Дашьиан.

Хымз ирылагӡаны, сават азы имҩаԥысуа аҽазыҟаҵарақәа рҿы, атехника бзианы игәынкыланы, ԥхьаҟа узықәгәыӷша ҳәа Андреи Дашьиани, Нико Саакови иалыркааит Ельвира Беиаԥҳа, Валериа Дашьиан, Арсен Степаниан, Артиом Гараниан, Артиом Беиа, Ренат Кокосқьериа.

Азыҟаҵаҩцәа иҳаилдыркааит, лаҵарамзазы ааԥхьара шрымоу Геленџьик имҩаԥысраны иҟоу сават азы иаарту Краснодар атәылаҿацәтәи аицлабрахь. Арԥарцәа гәҭакыс ирымоуп, Аԥсны ахьӡала, жәаҩык рыла ишьақәгылоу еизгоу акоманда уахь агара.

© Foto / Саида ЖибаГагра араион аҟны сават аспорт хкы аҿиара иаҿуп
Гагра араион аҟны сават аспорт хкы аҿиара иаҿуп - Sputnik Аҧсны
Гагра араион аҟны сават аспорт хкы аҿиара иаҿуп

"Ҳара агәаҳәара дуӡӡа ҳамоуп аицлабрахь ацара. Иаҳҭахыуп Аԥсны азы аиааира ҿыцқәа раагара, убри аҟнытә аҽазыҟаҵарақәа ирыгҳажьӡом", - рҳәоит сават аспорт хкы аҿы раԥхьатәи ашьаҿақәа ҟазҵо ахәыҷқәа.

Белла Кокосқьериаԥҳа: ахәыҷқәа рааӡараҿы аԥсуароуп шьаҭас иҟаҵатәу

Аԥсны сават азы Афедерациа ашьақәгылараҿы ацхыраара дуӡӡа аазырԥшыз Аԥсны абҩарҵәыреи аспорти рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Рафаель Амԥари, Гагра араион Ахадара абҩарҵәыреи аспорти рзы Ахеилак ахантәаҩы Асҭамыр Ҵышәбеи иҭабуп ҳәа рарҳәоит сават аспорт хкы бзиа ибаны зҽазызкыз зегьы.

Андреи Дашьиани, Нико Саакови иазгәарҭеит сават аҿиараҿы ааԥсара ду шыҟарҵо аҭаацәа. Азыҟаҵаҩцәеи дареи рхатә харџь ала ауп аспорттә маҭәеи, амаҭәахәқәеи шаахәу. Аҭагылазаашьа рхы иархәаны, арԥарцәа абизнесуааи, анаплакыҩцәеи рахь ааԥхьара ҟарҵоит изларылшо ала сават аспорт хкы адгылара арҭарц.

© Foto / Саида ЖибаГагра араион аҟны сават аспорт хкы аҿиара иаҿуп
Гагра араион аҟны сават аспорт хкы аҿиара иаҿуп - Sputnik Аҧсны
Гагра араион аҟны сават аспорт хкы аҿиара иаҿуп

 

Ажәабжьқәа зегьы
0