Арадио

Ҷыҭанаа амилаҭтә парк "Кәыдрытәи аиҩхаа" азы: атуристтә ҟазшьа аиуеит

Аминистрцәа Реилазаара Аԥсны амилаҭтә парк "Кәыдрытәи аиҩхаа" аԥҵаразы ақәҵара амчра аиуит. Иаартхома ари аҭыԥ аҭааҩцәа рзы - абри атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аԥсабара ахьчаразы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа.
Sputnik
Ҷыҭанаа амилаҭтә парк "Кәыдрытәи аиҩхаа" азы: атуристтә ҟазшьа аиуеит

"Ԥшьхәҭакны ишоу амилаҭтә парк, аҳәырԥсарраҿы ада, аԥсшьаҩцәа рзы еиҿукаар алшоит анхарҭатә ҭыԥқәа. Аибашьра ҟалаанӡа уа иҟан атуристтә базақәа, хымԥада, урҭ аус дырутәуп. Ари аҭыԥ атуристтә ҟазшьа аманы иҟалоит. Кәлыхәртәи аиҩхаала иҟан Урыстәылеи ҳареи иҳабжьаз аимадара. Нхыҵи аахыҵи еимаздо амҩа Кәыдрытәи аиҩхаала аусура иалагар, аҳәырԥсарра ԥырхага анамҭароуп. Аха сара сгәаанагарала, иара ҟамлар иаҳа еиӷьуп", - азгәеиҭеит Ҷыҭанаа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.