Табаӷәуа еиҭеиҳәеит Аԥсны ахада иалхразы аԥҟара ҿыцқәа ртәы
© Sputnik
"2014 шықәса рзы иҟаз аԥҟарақәа рахь ҳаиҭахынҳәит. Ҿыц иалаҳагалаз иреиуоуп - алхыҩ алхрақәа рыҽны ибжьы аиҭароуп доусы дахьҭагалоу, анаҩс алхратә бӷьыц аҿы алхыҩ зыбжьы ииҭо ихьыӡ аганаҿы аҵыс асахьа змоу адырга ҷыда иргылароуп. Иҟан аԥҟара анацәкьарақәа рышәра ҳәа, уи аԥыхуп. Аусмҩаԥгатә ахарџь ду ацын. Ус еиԥш ахьыҟарҵоз ауаҩы инапы ахьаҵаиҩыша анизымдыруа аҳәынҭқаррақәа рҿы ауп. Ҳара ҳгәаанагарала, анацәкьысшәра ауаҩы дланарҟәуеит. Иҳаргьежьыз аԥҟарақәа иреиоуп, атәылауаҩшәҟәы аҿы амҳәыр аархара, ибжьы шаиҭаз зыршаҳаҭуа акәны ҳахәаԥшуеит, ари иахәҭоу ҳәа ҳахәаԥшуеит", – ҳәа азгәеиҭеит Табаӷәуа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.