"Амҩа хәыҷык ҳарааԥсеит, избанзар машьынала ацара ус имариам, аха ибзианы ҳрыдыркылеит. Аиашазы, ашьыжь ҳанааи, аԥсуа ҩнаҭа ҳаҭаазшәа агәаанагара соуит, ачеиџьыка ҳадыргалт. Ауаҩы дҳацуп, Ҟрым аҭоурых ҳзеиҭазҳәо. Раԥхьатәи амш азы Севастополь ҳаҟан, аҩбатәи амш азы - Иалта, ахԥатәи амш - Ҟрым иҟоу аҭыԥқәа ҳбоит. Аԥшьаҭыԥқәа, абаашқәа, ауахәамақәа - араҟа зегьы ҳгәаԥхоит, Иалта даараӡа иԥшӡарҭоуп, ганкахьала Аԥснытәи апеизажқәа ҳгәаланаршәеит. Аха ашьхақәа ртәы уҳәозар, Аԥсныи Ҟрыми еиԥшӡам, ашьхақәа ҳәа ирԥхьаӡо ҳара ҳзы ишьхақәам", - ҳәа азгәалҭеит Кәарцхьиаԥҳа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.