Арда Ашәба: Чачхадыл аԥсуаа иртәуп
© Sputnik
"Чачхадыл ҩбаны аҽашоит: аҿацәа ртәи, ажәцәа ртәи ҳәа. Амҽыша- мшаԥуп, чачхадылеишәа аԥшьашаҽны ауп ианыҟарҵо. Раԥхьаӡа ажәла дәылганы, "Анцәа улԥха ҳаҭ!" ҳәа мышьҭабзиала икарыԥсоит. Аԥҳәыс аӡы аалгоит, лҭаацәа лныҳәоит, нас ажәла дәылган икалыԥсоит. Ахәылбыҽха аишәа дыргылоит аԥсцәа рзы, чгахьала. Иаҳҳәап ахәылчаԥа акаҷбеи аҭаны, аҟәыдчаԥа, аҳалуа цхала иҷыҷны, ацхаӡҩа уҳәа. Чачхадыл аԥсуаа иртәуп", — иҳәеит аҵарауаҩ.
Ахәылчаԥа, амгьал, аҟаб: Ицқьоу аԥшьаша - Чачхадыл аԥсуаа рытрадициаҟны
Арда Ашәба иажәақәа рыла, аҭаацәа рҿы алԥсаа дыҟазар инамыцхәны иҟарҵоит чачхадыл, ахьыԥшы дыҟазар ҳәа.
Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.