Закәаншьаҭада атауар аҳәаа ахыгараан иаанкылан

Атауар коммерциатә партианы ишьоуп. Шәачатәи аҳазалхыҩцәа административтә еилагара ҳәа аусҭҵаара хацдыркит.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 26 - Sputnik. Шәачатәи аҳазалхыҩцәа ашьаҵа акоммерциатә партиа ааныркылеит, Урыстәылантәи Аԥсныҟа ишиаргоз. Абри атәы аанацҳауеит Шәачатәи аҳазалхырҭа апресс-маҵзура.

Аҳазалхратә ҭыԥ МАПП "Адлер" аҟны иааныркылеит автомобиль "SUBARU FORESTER". Иара ашьҭахьтәии аԥхьатәии атәарҭақәа рҿы, иара убасгьы абагаж аҟны ирбеит еиуеиԥшым ашьаҵахкы. Зынӡа 113 шьаҵа ыҟан, аиҳарак атауартә дырга "PUMA" ҳәа рнын.

Амашьына зтәыз, 26 шықәса зхыҵуа Шәача инхо аԥҳәыс илҳәеит атауар Шәача ишааллхәаз, Аԥсныҟа лыуацәеи лдырцәеи рзы ишылгоз.

Атауар коммерциатә партианы ишьоуп. Шәачатәи аҳазалхыҩцәа административтә еилагара ҳәа аусҭҵаара хацдыркит.

Ашәҟәы иҭагаламыз асигаретқәа Аԥсны аҳәаа иахыганы Урыстәылаҟа ииаргон>>

Урыстәыла Аграждантә закәанеидкыла инақәыршәаны, атауар дырга иашамкәа изынҵоу атауар контрафактуп ҳәа ишьоуп.