Милана Ломиаԥҳа: зегьы ирзеиӷьасшьоит атеатр агәыбылра

Аҳәынҭқарратә аԥсуа драматә театри, Искандер ихьӡ зху аурыс театри рактриса, "Софичка", "Кьоџьаа рҭыӡшәеи", "Игроки" аспектакльқәа рҟны лрольқәа рыла ахәаԥшцәа хызхыз Милана Ломиаԥҳа длыҿцәажәеит Sputnik акорреспондент Аинар Ҷыҭанаа.
Sputnik

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

- Ишԥалагеи иахьатәи бымш?

- Ашьыжь санҿыха, иога ҳәа изышьҭоу абаҩрҵәыра ҟасҵеит. Уажәааигәоуп иара сҽаназыскыз. Есышьыжь сааҭк-сааҭк иадамзаргьы ари аҭаалым ҟасҵоит, избанзар амш зегьы исызхаша амчқәа сыланаҵоит, сыԥсыԥлагаҩагара ҭышәыннартәалоит. Аҽазыҟаҵара ашьҭахь шьыжьхьафара сыман. Анаҩс егьырҭ сыҩнытә усқәа сырҿнаҵы, аклассикатә музыка ҩызара сызнауан. Абарҭқәа зегьы рышьҭахь сҩызцәеи сареи ҳаибабан, ҳаицны атеатр ахь ҳааит.

Кьасоу Ҳагба: амилаҭтә киносахьа аҭыхра уахгьы-ҽынгьы ҳаҿызароуп

- Иарбану зегь раасҭа ибцәымӷу, насгьы зегь раасҭа бзиа иббо?

- Зегьы иреицәасшьоит ауаҩы "данмаҷу". Ииашоуп, иҟалоит ҭеиҭыԥшла иара анцәахша диеиԥшзар, иблақәа бшӡазар, иажәақәагьы ухырхуазар. Аха уи аԥшӡара зегьы ҵакыдоуп, гәыла-ԥсыла, доуҳала ауаҩы данмаҷу. Убас иҟоу ауаҩы иахь сара ацәымӷшьара ду сызцәырҵуеит. Бзиа избо атәы ҳалацәажәозар – уи атеатр ауп (дыччоит).

- Дзусҭада бара бҩыза?

- Сара ирацәаны аҩызцәа сымоуп, уи сара кырӡа сазгәдууп. Дара зегьы, ҳәарада еиԥшӡам. Аӡәы еиҳа длахҿыхуп, егьи еиҳа аҽынкылара илоуп. Аӡәы акала аԥсҭазаара дахәаԥшуеит, даҽаӡәы – даҽакала. Хымԥада, гха змам ауаҩы дыҟаӡам ҳәа сгәы иаанагоит. Изҳәада сара сҩыза аҩыза адунеи аҟны дыҟам ҳәа? Ус ахәыцра, ҳәарада, ииашаӡам, уи хжьароуп. Аҩызара убри азоуп изыҟоугьы, иузааигәоу ауаҩы деилукаарц, ианаҭаххо аамҭазы иаргьы уара уеиликаарц. Избан сыздырам, аха аҩызара ҳаналацәажәо, схаҿы дааиуеит сан. Сгәанала, ан лаҟара ахшара изы иҩыза бзиахо дзыҟалаӡом. Ус аԥсҭазаара иашеит, уи ацәанырра зегьы ирыцуп, инагӡаны зегьы ирзеилымкаацзаргьы.

Атеатр алакҭа иҭамԥшыц

- Бара иаарту уаҩума?

- Иарку ауаҩы сара сзанааҭ аҟны ихы изыԥшааӡом, дмыцхәхоит. Аҵара ҳанҭалоз зегьы хәыҷык-хәыҷык иҳаман ари аԥынгылагьы. Аха ҳара иҳақәшәаз арҵаҩцәа бзиақәа иаҳдырҵон аҽаартра, ҳакәша-мыкәша иҟаз ауаа рацәажәашьа, ауаҩы игәахьы уназго амҩақәа рыԥшаашьа. Иахьатәи аамҭазы сара схазы исҳәар сылшоит зегьы рзы иаарту, зегьы рацәажәара иазхиоу уаҩуп ҳәа.

Милана Ломиаԥҳа: зегьы ирзеиӷьасшьоит атеатр агәыбылра

- Бара бгәы аԥжәара уадаҩума?

- Даараӡа иуадаҩуп. Сара исылшоит кыр аамҭа ачҳара, анажьра, аха сычҳара анынҵәо ашьҭахь сара даҽа уаҩхоит, агәыԥжәара сыбла хнакыр алшоит. Убри аан адәахьтәи аныррагьы ароль ӷәӷәа ихәмаруеит, хымԥада. Сара издыруеит сыкәша-мыкәша имҩаԥысуа иарбанызаалак сгәалаҟара лассы ишаныԥшуа аҟнытә, иахьынӡауа ала иҵакыдоу агәыԥжәара сҽацәысыхьчоит. Избан акәзар аԥсҭазаара мыцхәы икьаҿуп ҳәа исыԥхьаӡоит, агәыԥжәара, агәаара реиԥш иҟоу ацәанырра шҳамқәа аамҭа рықәырӡразы.

Анышәаԥшь аԥсы ахазҵо

- Жәашықәса рышьҭахь бхы шԥаббо? Иабаббо?

- Сгәыӷуеит уи аамҭазы сара схатәы ҭаацәара сымазаауеит ҳәа. Анаҩс, аусура атәы ҳҳәозар, жәаҳәарада атеатр аҟны ауп схы ахьызбо. Иахьа сҩызцәа ҳәа ззысҳәо ауаа жәашықәса рышьҭахьгьы сааигәа иҟазаауеит, уи агәра ганы сыҟоуп. Абри ауп ихадоу, егьырҭ зегьы зеиԥшрахо аамҭа иаҳнарбап.

- Иарбану иахьа зегьы иҳагу, иаҳзымхо?

- Аилибакаареи абзиабареи. Аҷкәыни аӡӷаби ирыбжьало ацәанырра мацара акәӡам абзиабара захьӡу, уи аҵакы акырӡа иҭбаауп, ауаҩы иеилкаара ахьзымнаӡо аҟынӡа хара ицоит. Аха убри аангьы досу илшоит уи анырра, иагьаҭахуп уи анырра. Избан акәзар арҭ ацәаныррақәа рыда аԥсҭазаара ҭацәуеит, урҭ зыԥсахуа ахаан изыҟалаӡом. Ауаҩы имазар ауеит адунеи зеиԥш амбац амал ду. Аха абзиабара имамкәа егьырҭ зегьы акагьы аанагаӡом, зегь ҵакыдоуп. Убри аҟнытә ҳара-ҳара еиҳа ҳаилибакаалар, ҳаизыӡырҩлар, бзиа ҳаибабалар – убасҟан ауп ианҳауа ибжатам, ихарҭәаау аԥсҭазаара. Знымзар-зны уи азнеира шҳалшо агәра сгалар сҭахуп.

Арежиссиор: иахьатәи атеатр ахәаԥшҩы даара дуадаҩуп

- Ибзымариоума анажьра?

- Анажьреи аужьреи зегьы ирылазароуп, ауаҩы идыруазароуп уи аҟаҵашьа ҳәа сгәы иаанагоит. Уҿаԥхьа ииашамкәа зхы мҩаԥызгаз ауаҩы, иаҳҳәап, ианаумыжьыр – уи иара иаасҭагьы уара уоуп ахаҳәеиԥш згәы иҭазаауа, иаргәаҟуа. Убри еснагь исгәалашәоит аҟнытә иахьынӡауа ала зегьы иранасыжьуеит, маҷк ачҳара аарԥшра ахьаҭаху – исычҳауеит. Ус еиҳа ииашоуп ҳәа исыԥхьаӡоит. Избан акәзар ауаҩы игәамԥхо зегьы дацралалар, дырҿагыланы дықәԥо далагар – лассы имч каԥсоит, зегьы ириааихьоу ауаҩы дамҳәаӡац.

- Иарбан ԥшшәу бара быԥшшәы?

- Аиқәаҵәа.

- Избан?

- Уи ҭакда инхааит.

Милана Ломиаԥҳа: зегьы ирзеиӷьасшьоит атеатр агәыбылра

- Ҳаиҳа зымчу иацәажәара алшара бымазҭгьы, иабҳәоз?

- Сгәанала сызҵаарақәа рацәахон. Иахьа зегьы иаҳзымхо, ихымԥадатәиу аказы сиҳәон. Иара закәыҵәҟьоу еилырганы исыздырӡом, уи аҳәара уадаҩуп, аха зегьы еицаҳзеиԥшны иҳаиҭарц сиҳәон. Сара Анцәа дхазҵо уаҩны схы сыԥхьаӡоит, убри аҟнытә схазы исҭаххарыз азхәыцра сзыуадаҩуп. Сара сзыԥсоу, исықәнагоу сара саасҭагьы еиӷьны идыруеит, убри аҟнытә схазы акагьы самыҳәар ҟаларын. Баша иҭабуп ҳәа иасҳәон, анаҩсгьы еснагь исҳәалоит уи ажәа.

- Амч нашана бымазҭгьы, ибыԥсахуааз?

- Акымзарак сыԥсахӡомызт. Уи иаанагаӡом сара зегьы сгәаԥхоит, сгәы еихьызшьуа акгьы ыҟам ҳәа. Мап. Аха ацәгьа умбакәа абзиа уздырам ҳәа шырҳәо еиԥш, урҭ рыҩбагьы ыҟазароуп ауаҩы ихала иалихларц азы, иҟаиҵаларц азы алкаақәа. Агхақәа зыҟаҳҵогьы, урҭ акы ҳдырҵарц, ак ҳарҳәарц азоуп. Иԥшьоу ауаа ыҟаӡам адунеи аҟны. Ари аԥсҭазааратә закәан ианышәалатәуп.

Корсаиаԥҳа: згәы цқьоу абиԥара ҟаларцаз - ишыхәыҷу аҟазара иадыԥхьалатәуп

- Абаҩхатәра акәу аусура акәу?

- Абаҩхатәра ыҟаны уи аус аумырур – акымзарак алҵӡом. Иаҳҳәап, аҵараиурҭахь иҳаманы ҳнеиуа абаҩхатәра аҵара ҳаналго аамҭазы еиҳахоит, еиҳахар ахәҭоуп. Аха аҵара ҵаны аусура ҳаналаго аамҭазы маҷк ахамаԥагьара ҳиааиуа иалагар, ҳахьынӡанаӡашаз ҳнаӡеит ҳәа ҳхы иазаҳҳәар – уаҟа ҳара доуҳала "ҳанҵәеит". Уи ашьҭахь ԥхьацашьа ҳауӡом.

- Быԥсы шԥабшьо?

- Схала сыҟазароуп, аӡәгьы дсымбо, дысмаҳауа. Насгьы сара сыԥсы сдыршьоит амузыка бзиеи ашәҟәқәеи. Бзиа избоит атеатр аҭаара, актриса леиԥш акәымкәа, хәаԥшҩык иаҳасабала. Атеатр доуҳала ауаҩы иԥсы инаршьоит, маҷӡак иадамзаргьы, игәы иханаршҭуеит, дарҭынчуеит. Сара гәык-ԥсыкала исҭахуп сара сеиԥш егьырҭгьы атеатр бзиа ирбаларц, иазҿлымҳазарц. Избан акәзар ҳара ҳзыҟоу ахәаԥшҩы изоуп, иара ида ҳара ҳусура зегьы ҵакыдахоит. Угәы ҭыӷьӷьа уцәаныррақәа анааурԥшуа, ҳәарада иуҭаххоит уи ахәшьара азҭаша ахәаԥшцәа еиҳазарц. Убри аҟнытә зегьы ирзеиӷьасшьоит атеатр агәыбылра.

Милана Ломиаԥҳа: зегьы ирзеиӷьасшьоит атеатр агәыбылра

- Иҟалар акәузеи бара иахьатәи бзанааҭ бацәхьаҵырц азы?

- Исыздырӡом. Уахи-ҽни стәаны схәыцларгьы исзеилкааӡом иарбан ҭагылазаашьоу сара сзанааҭ сгәы ахыршәара зылшаша. Маҷк апафос аҵазар ҟалап сажәақәа, аха сара сзы аусура – уи ԥсҭазаароуп. Сааҟәымҵӡакәа аусуразы агәаҳәара ду сымоуп – уи ихәыцым, иҟаҵәҟьоу иашоуп.