Анышәаԥшь аԥсы ахазҵо

© Foto / Сусанна ТаниаАсҭан Ломиа
Асҭан Ломиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Адунеи иқәынхо ауаатәыҩса рыҟнытә дазусҭзаалак аӡәы далкаан дыгәцараукыр, егьырҭ дызлареиԥшым аҟазшьақәа, мамзаргьы ҟыбаҩк идумбалар залшом. Sputnik аколумнист Сусанна Ҭаниаԥҳа аскульптор қәыԥш Асҭан Ломиа илоу абаҩхатәра атәы ҳадылгалоит.

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Иҟоуп жәҩанахьтә, бла иамбо мчқәак рҟнытә абаҩхатәра дуи аенергетика ӷәӷәеи знубаало ауаа. Ус иҟоу ауаа иахьатәи хҿар ианрылубаалак, уи иҩынтәынгьы угәы иамыхәар залшом.

Иахьатәи астатиа афырхаҵа, аскульптор қәыԥш, ҟазарыла анышәаԥшь аԥсы ахазҵо Ломиа Асҭангьы зыӡбахә ҳҳәаз аҿарацәа рыгәҭа дгылоуп.

Иара ҩажәи ҩба шықәса дырҭагылоуп, диит Гәылрыԥшь араион Уарча ақыҭан. Уи еснагь асахьаҭыхра бзиа ибон, убри аҟнытә абжьаратә ҵара анхиркәша, дҭалоит Александр Чачба ихьӡ зху Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа. Абри аҵараиурҭаҿоуп асахьаҭыхра аҳәаақәа дырҭысны аскульптурақәа рыҟаҵара иҽахьазишәа.

© Foto / Сусанна ТаниаЛомиа Асҭан
Анышәаԥшь аԥсы ахазҵо - Sputnik Аҧсны
Ломиа Асҭан

– Асҭан, ишԥаҟалеи Александр Чачба ихьӡ зху Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа уҭалара? Ӡәыр иуҵеиҳәама, ма умҩа ухала илуху?

 

– Сара схәыҷаахыс асахьаҭыхрада ак ыҟоуп ҳәа сыҟамызт, иара убас быжьбаҟа-аабаҟа шықәса санырҭагылаз зыдунеи зыԥсаххьоу санду лашьа Оҭар Анҭиа сиҿыԥшны, амҿы аус адулара гәцараскит. Ҵараиурҭас акгьы далымгацызт иара, аха ԥсабарала иаҭәашьан амҿы, аҵла адаҵ ирылхны еиуеиԥшым амаҭәарқәа рыҟаҵара. 2014 шықәсазы ашкол саналга, асахьаҭыхразы сдыррақәа реизырҳаразы исыӡбеит Александр Чачба ихьӡ зху Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа сҭаларц. Аҵараиурҭаҿы аҵара рҵоит ԥшьышықәса, аха сара иаразнак аҩбатәи акурс аҿы сдыртәеит.

Амиран Адлейба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Адлеиба асахьаҭыхыҩцәа қәыԥшцәа ирызкны: иҳамоуп ҳԥышәа ҳамаздаша

– Асҭан, аскульптурақәа рыҟаҵара уанбалагеи, агәыбылра узыркыда, насгьы иарбан ҭыԥу уи уԥсҭазаараҿы иааннакыло?

– Аҵараиурҭаҿы избаз, исаҳаз рацәоуп, сдыррақәа ҵаулахеит. Аҵараиурҭаҿы Амиран Сардион-иԥа Адлеиба аскульптура ҳирҵо даналага, аиашазы, сагәыланахалеит, агәыбылра скит. Уажәы аскульптура ада сыԥсҭазаара схаҿы исзаагаӡом, схатәы мҩа алысхит, убри амҩа саныҵыр сҭахӡам. Сара ԥсабарала ацәажәара зцәыуадаҩу уаҩуп, аха абри сыкәша-мыкәша избо, схаҿы иаанхо аскульптурахь ииазгоит.

– Ишԥаҟауҵо аскульптурақәа, насгьы иаҳа иузааигәоу аусумҭа ҳәа акыр алукаауама?

– Аскульптура аԥхьа анышәаԥшь иалысхуеит, уа иаҭахуп амч, алша, ачҳара, анаҩс уи ашәагаа ахыхны агипс ахь ииазгоит. Агипс ахь ианиаугалак, бетонла иҭаурҭәо ыҟоуп, ма аџьаз зыхьуршо. Уи ус унадыххылан иҟауҵо усӡам.

Баслахә ақыҭа - Sputnik Аҧсны
Знапала ацех зыргылаз: Баслахәтәи аишьцәа Дохнаӡиаа рҭоурых

Сусумҭақәа ракәзар, зегьы ирылыскаауеит "ибзиаӡоуп" ҳәа ахәшьара зырҭаз "Ахьаа" захьӡу сдипломтә усумҭа.  Избан "Ахьаа" ҳәа шәҵаауазар, избанзар зыԥсы ҭоу хьаак ицрамсыр, ихимгар ауӡом. Ахьаақәагьы еиԥшым, ҳәарада. Сдипломтә усумҭа анеҩс ҩажәаҟа усумҭа аԥысҵахьеит, иҟалалоит аамҭа ансымоу ауаа сыдҵааланы иҿарҵо, ирҭаху аскульптурақәа анырзыҟасҵогьы.

– Иҟоума Аԥсны аҩнуҵҟа, мамзаргьы аҳәаанхыҵ уара узҿыԥшуа, узызҿлымҳау аскульпторцәа?

Адлеиба: амҳаџьырреи, аибашьреи срызхьаԥшлоит, аха ишысҭаху еиԥш снапаҿы иааиуам>>

– Аԥсны аҳәаа аҭыҵра аҭахӡам зынӡагьы, сара сызҿыԥшуаны иҟоу аскульптураҟаҵара амаӡақәа сзаазыртыз, агәыбылра сызҭаз сырҵаҩы, аскульптор Амиран Сардион-иԥа Адлеиба иоуп. Сареи сара сҩызцәа хәҩыки ҳҵара хҳаркәшеит 2017 шықәсазы. Аҵара ҳалгеижьҭеи маҷк шҵуагьы, ҳарҵаҩы ҳидкыланы ҳимоуп. Аҟазарҭаҿы ҳаизганы аус ҳадиулоит, аџьџьаҳәа аус анеицаҳуа, иҳамбаӡакәа аҵх анԥаҳҽуагьы акырынтә иҟалахьеит. Амиран Сардион-иԥа аскульптуразы идыррақәа рыдагьы, иԥсҭазааратә ԥышәагьы ҳамаидоит, ҳарҭ аибашьра ашьҭахь ииз ҳауп азы, ҳажәлар ирыхҭыргаз агәаҟрагьы изныкымкәа иаҳзеиҭеиҳәахьеит. Иахьаҳзеизарҭоу аҟазарҭа хәышҭаарак иаҳзаҩызахахьеит, саб иџьынџь еиԥшнысшьалоит сгәы-сыԥсы зегь абра иҟоуп.

Аслан Кәыркәнаа  - Sputnik Аҧсны
Асахьаҭыхыҩ-ауасҭа: Аслан Кәыркәнаа иҟазаратә баҩхатәра аганқәа

– Асҭан, аԥхьаҟа гәҭакқәас иумои, уеиԥш абас аскульптура знапы алаку ирзеиӷьаушьарц иуҭахи?

– Абыржәы амҳаџьырра атема иазку аскульптура саҿуп, уи атема ашьҭыхразы агәазыҳәара сынаҭеит Баграт Шьынқәба ироман "Ацынҵәарах". Исҭаххеит амҳаџьырра зхызгаз Кавказ иқәынхо ажәларқәа зегьы еицаҳзеиԥшхаша скульптурак аԥысҵарц. Нас Анцәа исаҭәаишьозар, исҭахын ԥхьаҟа сусумҭақәа ахьцәырызгаша схатәы цәыргақәҵа ҟасҵарц.

Хаҭала иахьа уажәраанӡагьы аҟазарҭаҿы аус сыцызуа сҩызцәа Ҭемыр Аҳәба, Арсоу Берзениа, Адгәыр Ҷқадуа, Давид Ҷкотуа, Алмас Бжьаниа аԥхьа инаргыланы ҳашьҭра зышьҭроу, аскульптура иазҿлымҳау зегьы ирзеиӷьасшьарц сҭахуп илырхыз амҩаҿы аманшәалара, аихьӡара дуқәа.

Асахьаҭыхыҩ қәыԥш: ссахьақәа сгәалаҟазаареи сцәаныррақәеи рныԥшуеит>>

Иҟалааит аԥсуаа рҿы абас зус бзиа избо, збаҩхатәра еихазҳауа, зыԥсадгьыл агәеисырҭа згәеисырҭоу аҿарацәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0