АҞӘА, лаҵара 2 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҟәатәи абжьаратә школ N2 амца акит аԥшьаша, лаҵара 2 рзы. Аҭыԥ ахь инеиит Аԥсны АҶА аусзуҩцәа ҳәа аҭыԥ аҟынтәи иааицҳауеит Sputnik акорреспондент.
Лев Кәыҵниа: ашкол амцарцәараз ҳамчқәа зегьы еибыҭоуп
Ашкол ахыб зегьы амца амҽхакуп, аус руеит амцарцәаҩцәа.
Амцакра амзыз атәы макьаназ ишьақәыргылам.
Аҭыԥ ахь инеиит Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымбеи Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какобеи.