Аҩбатәи ашкол аҵаҩцәа егьырҭ ашколқәа рахь еихыршоит

Аҟәатәи абжратәи аҩбатәи ашкол аҟны амцакра ырцәоуп.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 2 - Sputnik. Аҩбатәи ашкол аҵаҩцәа егьырҭ ашколқәа рахь еихыршоит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Аԥсны Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба.

Аҟәатәи абжьаратә школ N2 амцакра ырцәоуп

"Акласстә уадақәа ԥырхага рымам ҳәа рҳәоит, аха аҵаратә процесс ашкол аҿы ацҵара гәаӷьыуацәоуп, ашкол аҵаҩцәа егьырҭ ашколқәа рахь еихыршоит", - ҳәа иҳәеит аминистр.

Аԥсны Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба иазгәеиҭеит иарбан школқәоу рахь ахәыҷқәа риагара ахьалшо.

"Алагарҭатә классқәа рҿы мацара 600-ҩык аҵаҩцәа аҵара рҵоит. Егьырҭ ашколқәа рдиректорцәа адырра ҳарҭахьеит заҟаҩ ахәыҷқәа рыдыркылар рылшо. Иахьа асааҭ 12 рзы аилацәажәара ҳамоуп. Ишалшо ала аҵаратә процесс еиԥымҟьартә иҟалароуп", - ҳәа иҳәеит Какоба.

Ашкол аҟны аҵара рҵоит 1250-ҩык аҵаҩцәа.