АҞӘА, лаҵара 3 - Sputnik. Аԥсны Аминистрцәа Реилазаараҿы иҟоу нанҳәа 14, 1992 шықәсазынӡа Аԥсны Аҵәахбанк алагаламҭақәа алазҵаз рҭаҩреи акомпенсиациатә ԥарашәарақәеи рзы акомиссиа изаамҭанытәу аԥкаанҵа шьақәырӷәӷәоуп, абри аанацҳауеит Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара аофициалтә саит.
Акомиссиа ишьақәнарӷәӷәеит мшаԥы 1, 2003 шықәса инаркны ажьырныҳәа 20, 2004 шықәсанӡа зыҽҭазҩыз 48-ҩык Аԥсны атәылауаа рсиа. Урҭ ирзырхынҳәхо аԥарақәа рзеиԥш ԥареицҵа иартәоит 361 691 мааҭ.
2015 шықәса лаҵара 6 инаркны 29-нӡа алагаламҭақәа рҭаҩра иахысыз 139-ҩык Аԥсны атәылауаа. Урҭ ирзырхынҳәхо аԥарақәа рзеиԥш ԥареицҵа иартәоит 2 255 010 мааҭ.
Аминистрцәа Реилазаараҿы иара убас иазгәарҭеит арҭ аҩкатегориак ирыҵаркыз атәылауаа аԥара рызшәара ишалаго 2019 шықәса лаҵара 6 инаркны.
Абҵара 6, 1998 шықәсазтәи "Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҵәахырҭатә банк аусура аиҭарҿыцразы аусмҩаԥгатәқәа рзы" Аԥсны Ахада Идҵа инақәыршәаны, нанҳәа 14, 1992 шықәса рҟынӡа ауааԥсыра ирымаз алагаламҭақәеи хәызмоу ақьаадқәеи рыла СССР Аҵәахбанк ахыдҵақәа аҳәынҭқарра иауалны азыԥхьаӡаразы аӡбамҭа рыдыркылеит.
Аԥсны Аминистрцәа Реилазаараҿы иҟоу алагаламҭақәа рҭаҩреи акомпенсиациатә ԥарашәарақәеи рзы акомиссиа аԥҵан Аминистрцәа Реилазаара аусԥҟала абҵара 30, 2018 шықәсазы.