Аҵәахырҭатә банк ахь алагалақәа зҭахо ркатегориақәа шьақәыргылахоит

© Фото : Администрация г. Сухум Аҵәахырҭатә банк
Аҵәахырҭатә банк  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аминистрцәа реилазаара аԥсахра аланагалеит "2019 шықәса рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵәахырҭатә банк аԥаралагалаҩцәа ркомпенсациатә шәарақәа рзы" ақәҵара апроект.

АҞӘА, ажьырныҳәа 31 – Sputnik, Бадри Есиава. 2019 шықәса рзы 1992 шықәса нанҳәа 14 рҟынӡа абанк ахь аԥара алазгалахьаз атәылауаа рзы акомпенсациатә шәарақәа мҩаԥгахоит.

Абри азы ақәҵара апроект Аминистрцәа реилазаара аилатәарахь ицәырылгеит Аминистрцәа реилазаара аппарат агуманитартәи асоциалтәи зҵаарақәа рзы аусбарҭа аиҳабы Елеонора Агрԥҳа.

"Арахь иаҵанакуеит 1990 шықәса рҟынӡа ииз атәыла ауааԥсыреи урҭ рышьҭрақәлаҩцәеи. Иазгәаҭатәуп 2011-2018 шықәсқәа ирылагӡаны ареспубликатә биуџьет аҟынтәи акомпенсациатә шәарақәа шроуз 12 000 инареиҳаны ҳуааԥсыра. Арҭ ауаа ирызшәан 160 миллион мааҭ рҟынӡа", - ҳәа лҳәоит Агрԥҳа.

Лара илҳәеит ақәҵара аԥсахрақәа ишрыҵыркуа 1992 шықәса нанҳәамза 14 рҟынӡа абанк ахь алагалақәа ҟазҵахьаз зегьы.

Ажәабжьқәа зегьы
0