Boeing 737 апассаџьырцәа шҭатәаз аӡиас ихтәалеит

Аҳаирплан Boeing 737 Гуантанамонтәи ишьҭыԥраауаз аборт иҭан 143-ҩык апассаџьырцәеи быжьҩык аекипаж алахәылацәеи.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 4 - Sputnik. Флорида аҳаирплан атәараан ашьҭыԥраара-тәарҭатә цәаҳәа иахысны аӡы ихтәалеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Акоммерциатә ҳаирплан аӡы ихтәалеит. Иҭаз аӡәгьы акгьы имыхьит", - аарыцҳауеит адырраҭараҿы.

Микронезиа аҳаирплан иаалырҟьаны аӡы ихтәалар акәхеит

Ақалақь ашериф Twitter аҿы ианиҵеит аӡы ихтәалаз Boeing 737 афотосахьа. Аҭыԥантәи ателеканал WJXT иӡырнагеит афотосахьа – апассаџьырцәа аҳаирплан амҵәыжәҩаҿ иқәгыланы.

Аамҭақәак рышьҭахь ашериф иофис иаанацҳаит 21-ҩык ахәышәтәырҭахь ишнагаз.

"Аӡәгьы ааха имам", - ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа.

Аҳаирплан Boeing 737 Гуантанамонтәи ишьҭыԥраауаз аборт иҭан 143-ҩык апассаџьырцәеи быжьҩык аекипаж алахәылацәеи. Алаинер аилахәыра Miami Air иатәуп. Иара Кубантәи Флоридаҟа иԥыруан.

Апассаџьыртә Boeing 737 Иава иацәыхарамкәа икаҳаит>>

Аилахәыра Boeing адырра ҟанаҵеит аҳаирплан азы аинформациа аизгара ишаҿу.