АҞӘА, цәыббра 28 — Sputnik. Папуа-Гвинеиа Ҿыц амилаҭтә ҳаиртә еилахәыра Air Niugini апассаџьыртә ҳаирплан Boeing 737-800 иаалырҟьаны аӡы ихтәалар акәхеит. Абри атәы аанацҳаит аҭыԥантәи агазеҭ Pacific Daily News.
Ахҭыс ҟалеит ахәаша ашьыжь. Аҳаирплан ахы хан адгьылбжьаха Трук ахь. Иантәоз аӡы иҭаҳаит, ашьҭыԥрааратә цәаҳәа 150 метра рҟынӡа шыбжьаз ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
Микронезиатәи аштат агубернатор Трук Джимми Эмилио иажәақәа рыла аҳаирплан апассаџьырцәеи аекипажи уажәы амедицинатә гәаҭара иахрыжьуеит.