Апассаџьыртә Boeing 737 Иава иацәыхарамкәа икаҳаит

© AFP 2023 / Adek BerryСамолет авиакомпании Lion Air
Самолет авиакомпании Lion Air - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Авиаеилахәыра Lion Air иатәыз аҳаирплан Boeing 737 MAX б Џьакартантәи адгьылбжьаха Суматраҟа иԥрит асааҭ 02.20 рзы. Арадарадарқәа рҟны абара ыӡит асааҭ 02.33.

АҞӘА, жьҭаара 29– Sputnik. Индонезиа аҭагылазаашьа ҷыдақәа аԥызхуа амаҵзура адырра ҟанаҵеит аилахәыра Lion Air аҳаирплан адгьылбжьаха Иава ааигәара амшын иҭаҳаит ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости агазеҭ Jakarta Post адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Ахҭыс ахьыҟалаз иацәыхарамыз аӷбақәа ркаԥданцәа адырра ҟарҵеит аҳаирплан Мраҭашәаратәи Иава амшынԥшаҳәаҿ ишырбаз.

Макьаназ апассаџьырцәеи аекипажи рганахь ала ҳәамҭа ыҟам.

Амшынуаа рҟынтәи аԥхьатәи адырра ҟаҵан асааҭ 06.45 рзы.

Индонезиатәи ажәабжьтә портал Detik.com ишаҳәо ала аҳаирплан иҭан 188-ҩык ауааԥсыра.

Ажәабжьқәа зегьы
0