Аԥхынразы Аҟәа ашәҭқәа жәанызқь шьаҭа еиҭарҳараны иҟоуп

Акоммуналтә маҵзура "Ариаҵәаратә нхамҩа" Аҟәа ақалақь аҟны ашәҭқәа реиҭаҳара нап адыркит.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 6 - Sputnik. Аԥхынразы жәанызқь шьаҭа ашәҭқәа еиҭарҳараны иҟоуп Аҟәа ҳәа аанацҳауеит ақалақь Ахадара асаит.

Ашәҭқәа реиҭаҳара иалагахьеит асасааирҭа "Абхазия" аҿаԥхьа, Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҟны, Марр имҩаҿы. Иара убасгьы Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа ашәҭқәа реиҭаҳара мҩаԥгахоит.

"Уажәы уа аӡын еиҭаҳҳаз ашәҭқәа шәҭуеит, убри азы урҭ макьаназ ҳрыламкьысырц ҳаӡбеит", - иҳәоит Акоммуналтә усбарҭа аиҳабы Дмитри Аҳәба.

Аҳҭнықалақь апаркқәа рыриаҵәара апроект аус адулара мҩаԥысуеит>>

Акоммуналтә маҵзура "Ариаҵәаратә нхамҩа" аусзуҩцәа асезон зегьы ашәҭқәа хылаԥшра рырҭалоит.