Рауль Ҳаџьымба Аԥсны-урыстәылатәи аицҽазыҟаҵарақәа реихшьаала ҟаиҵеит

Аԥсны атәылахьчара аминистрра аррамаҵзурауааи Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауааи еицымҩаԥыргаз аҽазыҟаҵарақәа хыркәшахеит мшаԥы 27 рзы.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 7 - Sputnik. Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба Аԥсны-урыстәылатәи аицҽазыҟаҵарақәа реихшьаала ҟаиҵеит ҳәа аанацҳауеит атәыла ахада иофициалтә саит.

Ҳаџьымба азхьаԥшра аиҭеит акомандаҟаҵаратә пунктқәа рҭагылазаашьа, аимадаратә хархәагақәа рыззаарақәа.

Ҳаџьымба даҭааит Аԥсныи Урыстәылеи рырратә ҽазыҟаҵарақәа

Аԥсны Аҳәынҭқарра арратә мчрақәа рыштаб хада аиҳабы Васили Лунев далацәажәеит Аԥсны-урыстәылатәи аицҽазыҟаҵарақәа ретапқәа рыхԥа рҳәаа иҭагӡаны имаҩԥгаз ауснагӡатәқәа рымҩаԥысшьа, ртемақәа.

"Аицҽазыҟаҵарақәа теманы ирыман: арратә мчрақәеи ахархәагақәеи аибашьра разырхиара, агрессор ижәылараан рыхиаратә ҭагылазаашьа ашьақәыргылара, уи аиҿкаара аҭара", - ҳәа иҳәеит Васили Лунев.

Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура амаӡаныҟәгаҩ Муҳамед Кьылба иара убасгьы иҳәеит аҵыхәтәантәи ашықәсқәа ирылагӡаны асеиԥш иҟоу аҽазыҟаҵара ҭбаақәа раԥхьаӡа акәны ишымҩаԥысыз. Иара убри аан иҳәеит ԥхьаҟагьы асеиԥш аҽазыҟаҵарақәа шымҩаԥгахало.

"Ҷыдала азхьаԥшра рыҭатәуп анапхгараҭаратә пунктқәа реиҿкаара, урҭ ҳаамҭатәи аҭагылазаашьа иақәшәо", - ҳәа иҳәеит Кьылба.

Иааидкыланы аҽазыҟаҵарақәа ирылахәын 3000-ҩык рҟынӡа аррамаҵзурауаа, 400 рҟынӡа арратә техника.