Ҳаџьымба даҭааит Аԥсныи Урыстәылеи рырратә ҽазыҟаҵарақәа

© SputnikҲаџьымба даҭааит Аԥсныи Урыстәылеи рырратә ҽазыҟаҵарақәа
Ҳаџьымба даҭааит Аԥсныи Урыстәылеи рырратә ҽазыҟаҵарақәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсныи Урыстәыла Аладатәи арратә округ арратә базеи ртәылахьчаратә усбарҭақәа еицымҩаԥыргаз акоманда-штабтә ҽазыҟаҵарақәа асабша, мшаԥы 27 рҟынӡа имҩаԥыслоит.

АҞӘА, мшаԥы 26 - Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба ахәаша, мшаԥы 26 рзы даҭааит Бабышьра ақыҭа имҩаԥгаз Аԥсныи Урыстәыла Аладатәи арратә округ арратә базеи ртәылахьчаратә усбарҭақәа еицымҩаԥыргаз акоманда-штабтә ҽазыҟаҵарақәа.

Аԥсны Арбџьармчқәа ркомандаҟаҵара хада анапхгараҭара апункт аҟны ахада изеиҭарҳәеит Очамчыра араиони Қырҭтәыла аҳәаа иаду аҭыԥқәа рҟни аҽазыҟаҵрақәа шымҩаԥысыз атәы, иидырбеит Аԥсны арбџьарамчқәа иртәу амчратә структурақәа рырратә ҽазыҟаҵарақәа рвидеоҭыхымҭақәа.

"Арратә ҽызаҟаҵарақәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа ҳара ҳзы аҵак ду рымоуп. Адунеи аҽаԥсахуеит, ашәарҭадара апроблема иаҳа-иаҳа иуадаҩхоит. Амшын еиқәаҿы иҟоу аҭагылазаашьа ҳазҿлымҳазароуп, Украинеи егьырҭ амшынеиқәатәи аҳәынҭқаррақәеи рҟны аусқәа рымҩасшьа ҳасаб азаҳулароуп. Урыстәылатәи Афедерациеи ҳареи ҳусеицура иҟалар зылшо ашәарҭарақәа раԥырҟәҟәаараҟны еицаҳаӡбо азҵаарақәа ҳҳәынҭқарра анырра бзиа анаҭоит", - инаҵшьны иҳәеит Рауль Ҳаџьымба.

Урыстәыла азеиԥшарратә командатә пункт 49 аҟны идырбан ҳаамҭа иақәшәо аимадара амыругақәа, авидеоеимадара убрахь иналаҵаны.

Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩы Муҳамад Кьылба иажәақәа рыла, уи азԥхьагәаҭоуп Аԥсныи Урыстәылеи Ртәылахьчаратә министррақәа рыбжьара анапы зҵаҩу аиқәшаҳаҭрала, уа иарбоуп ҳарбџьармчқәа рмодернизациазы хархәара зыҭахо абарҭ апунктқәа.

Аԥсныи Урыстәылеи рыруаа еицымҩаԥырго аҽазыҟаҵарақәа - Sputnik Аҧсны
Урыстәылеи Аԥсныи рыруаа "аӷа" дықәыргеит

Иара убас атактикатә ҳаиртә десант ашьхарақәа рҟни Амшын еиқәа аԥшаҳәаҟни адҵақәа нагӡан авертолиот Ка-52, "Аллигатор" ахархәара рыҭаны.

"Ирласны зҭак ҟаҵатәу аҭагылазаашьақәа аныҟало ыҟоуп. Ҳаӷа ҳҳәынҭқарраҟны аусқәа рҭыԥ рықәырҟьаразы имҩаԥиго ауснагӡатәқәа ртәы жәдыруеит. Урҭ раԥырҟәҟәааразы ҳара адәаҟны ҳарратә ԥышәа аус адаҳулароуп, иҳарӷәӷәалароуп", - иҳәеит Аԥсны Атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Нодар Аҩӡба.

Арратә ҽазыҟаҵарақәа дрылахәын Атәылахьчара аминистр Мираб Кьышьмариа.

Аԥсныи Урыстәыла Аладатәи арратә округ арратә базеи ртәылахьчаратә усбарҭақәа ркоманда-штабтә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыслоит асабша, мшаԥы 27 рҟынӡа.

Ажәабжьқәа зегьы
0