Аҟәа араион ауааԥсыра рдиспансеризациа иалагоит

Аԥсны ауааԥсыра рзеиԥш диспансеризациа иалагеит Гал араион мшаԥы 5 рзы, уи хыркәшахоит Гагра араион аҿы рашәара 9 рзы.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 10 - Sputnik. Аҟәа араион ауааԥсыра рдиспансеризациа мҩаԥысуеит Аҳәынҭқарратә хәышәтәырҭаҟны лаҵара 14 инаркны 20 рҟынӡа, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура.

Очамчыра адиспансеризациа: 63-ҩык ҳуааԥсыра Урыстәыла ацхыраара роур алшоит

Ари аусура иалахәуп Афедералтә медицина-биологиатә агентра аусбарҭақәа рҟазауаа 50-ҩык: аиҳабацәа зыхәшәтәуа 17-ҩык аҳақьымцәа, 5-ҩык ахәыҷтәы ҳақьымцәа, 8-ҩык абжьаратә медицинатә усзуҩцәа, иара убас ирымоуп амедицинатә техника 12 ак.

Афедералтә медицина-биологиатә агентра еизаку амедицинатә отриад аҳақьым хада Борис Александров иажәақәа рыла, мшаԥы 5-25 рзы агәаҭарақәа ирхысит 6128-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә 1274 хәыҷқәан.

Иара убасгьы аҳақьым хада иҳәеит ишымҩаԥгаз алабораториатә ҭҵаарақәа ԥшь-нызқь, иаарԥшын 5 нызқь чымазара злоу ауаа, убарҭ рхыԥхьаӡараҿы - ахәыҷқәа рыбжьара зықь чымазара.

Арҷелиаԥҳа адиспансеризациазы: хәыда-ԥсада агәаҭара ҳымԥада уҽалаурхәыроуп>>

Аиҳабацәа рыбжьара агәы-шьадатә чымазарақәа, аҿыццәырҵрақәа, арымӡԥхашьаратә система уҳәа ирыдҳәалоу агәамбзиарақәа рацәоуп, ахәыҷқәа рыҟны акәзар - анервтәи агәы-шьадатәи аԥсыԥ лагаҩагаратә цәеижьхәҭақәа рчымазарақәа, азгәеиҭеит Борис Александров.

Аҟәа араион аҿы адиспансеризациа мҩаԥысуеит лаҵара 14-20 рзы, аҳҭнықалақь Аҟәа - лаҵара 21-27 рзы, Гәдоуҭа араиони Афон ҿыци - лаҵара 28 - рашәара 3 рзы, Гагра араиони Пицундеи - рашәара 4-9 рзы.