Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Арҷелиаԥҳа адиспансеризациазы: хәыда-ԥсада агәаҭара ҳымԥада уҽалаурхәыроуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАнжела Арҷелиаԥҳа
Анжела Арҷелиаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Мшаԥы 5 инаркны Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо аусура иалагеит ҳтәыла ауааԥсыра ргәабзиара агәаҭаразы аусмҩаԥгатә. Адиспансеризациа еиҿкаахоит раионцыԥхьаӡа, иара хыркәшахоит рашәарамза 9 рзы. Ари аусмҩаԥгатә ахьынӡахымԥадатәиу атәы арадио Sputnik Аԥсны иазеиҭалҳәеит ареспубликатә хәышәтәырҭа атерапевт хада Анжела Арҷелиаԥҳа.
Арҷелиаԥҳа адиспансеризациазы: хәыда-ԥсада угәарҭозар, ҳымԥада уҽалаурхәыроуп

"Адиспансеризациа есышықәса иҟаҵалатәуп, избанзар, ҳауаажәлар ргәабзиара уашәшәырахо иалагеит. Ирацәахеит акьыбатә, иара убас еиуеиԥшым аҿкы чымазарақәа. Сынтәа Аԥсныҟа иааит Урыстәыла афедералтә медицина-биологиатә  маҵзуреи афедералтә клиникақәеи рҳақьымцәа. Дара еиқәшәоуп амедицинатә мыругақәа рыла, уа ҳауаажәлар рхы гәарҭар рылшоит. Ауааԥсыра ргәабзиара иазҿлымҳазароуп, аҳақьымцәа хәыда-ԥсада угәарҭозар, ҳымԥада уи ухы алаурхәыр ауп. Ҳауаажәлар бзиа ирбаӡом аҽгәаҭара, ахьаа роуаанӡа аҳақьым иахь иааиӡом, аха ачымазара заҟа заа иуԥшаауа аҟара, уԥсҭазаарагьы еиқәурхоит", - ҳәа азгәалҭеит Арҷелиаԥҳа.  

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0