Аахыҵ Уаԥстәыла Апарламенттә алхрақәа раан Аԥсынгьы алхырҭатә ҭыԥ аадыртуеит

Аахыҵ Уаԥстәыла Апарламент ахь алхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп рашәара 9 рзы.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 17– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҿы иаадыртраны иҟоуп абжьыҭарҭатә ҭыԥ ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев.

Алхырҭатә ҭыԥ аартызаауеит асааҭ 08:00 инаркны асааҭ 20:00 рҟынӡа.

"Аԥсны иаартхоит алхырҭатә ҭыԥк. Москвеи Владикавкази акака бжьыҭирҭатә ҭыԥ аартхоит. Аахыҵ Уаԥстәыла иаартхоит 77 алхырҭатә ҭыԥ", - иҳәеит Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев.

Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла Ацҳаражәҳәарҭа аҭыӡҭыԥ: Лакоба имҩ., аҩ.№23.

Аахыҵ Уаԥстәыла Апарламент ахь алхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп рашәара 9 рзы.

34-ҩык апарламентарицәа алххоит апартиатә сиақәа рыла, егьырҭ мандатк змоу аокругқәа рҟынтәи.