Арсалиаԥҳа "Аҵх амузеи аҟны" иазкны: Аԥсны уи амҽхак аҽарҭбаар ҳҭахуп
© Sputnik
"Аныҳәа иаҳа-иаҳа азҿлымҳара арҭоит аҭааҩцәа. Есышықәса аҳҭнықалақь аҟны иҟоу амузеиқәа зегьы алахәуп. Иаҳҭахуп егьырҭ ақалақьқәа рҟны иҟоу амузеиқәагьы рхы аладырхәырц, абри акциа агеографиа азҳарц. Сынтәа асабша иақәшәеит, аха иаҭаар зҭаху рхыԥхьаӡара даара ирацәоуп", - лҳәеит Арсалиаԥҳа.
Лаҵарамза 18 рзы "Аҵх амузеи аҟны" акциа мҩаԥысуеит. Аԥсны ас еиԥш ауснагӡатә еиҿыркаауеит 2015 шықәса инаркны. Ашьыжь инаркны ҵхыбжьонынӡа амузеиқәа хәыда-ԥсада аҭааҩцәа рзы рышәқәа аартызаауеит.
Шәазыӡырҩы аудио. Инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.