Арадио

Шамба: ашәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәа руалԥшьа ишахәҭаз еиԥш инарыгӡеит

Ашәарҭадаратә маҵзура ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Дазмир Шамба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы иҳәеит ҩымш ицоз аоппозициеи атәыла анапгхаратә мчрақәеи реиҿагылараҿы амаҵзура аусура шынанагӡоз атәы.
Sputnik
Шамба: ашәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәа руалԥшьа ишахәҭаз еиԥш инарыгӡеит

"Ашәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәа рҿаԥхьа иқәгылан дҵас ауаа раҳәара азакәан ишақәнаго рхы мҩаԥыргартә еиԥш, аҳәынҭқарратә хыбрақәа рыхьчара. Ирыдыз адҵа нарыгӡеит ибзианы, аҳәынҭқарра ахадагьы уи ахәшьарагьы аиҭеит. Ас еиԥш ахҭысқәа раан Аԥсны ацәгьара азызурц зҭаху ирылшоит апровокациақәа рыҟаҵара, убри аҟнытә аусура еснагь имҩаԥгалатәуп. Ҳусзуҩцәа еиҿагылаз аганқәа рҿы аус руан, ауаа рхымҩаԥгашьа иацклаԥшуан, иахьиашам рарҳәон. Ҳусура иацу акәама-ҵамарақәа ртәы аҳәара цәгьоуп, аха ажәлар рыгәҭа аҭынчра аҟазаара зегьы ирыцкуп", - ҳәа азгәеиҭеит Шамба.

Ҳаџьымба ҷыдала азинхьчаҩцәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.