Ҳаџьымба ҷыдала азинхьчаҩцәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукХаджимба лично поблагодарил правоохранителей
Хаджимба лично поблагодарил правоохранителей - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҩымш ицоз аиҿагылара ашьҭахь аоппозициааи атәыла анапхгаратә мчрақәеи еизааиит.

АҞӘА, лаҵара 221 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба ҷыдала азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит Апарламент аҿаԥхьа ицоз акциаан русуразы.

Митинг оппозиционных сил у здания Парламента  - Sputnik Аҧсны
Аҳәынҭқарра анапхгареи аоппозициеи еиқәшаҳаҭхеит

"Иҭабуп шәыпрофессианализм азы, шәычҳаразы. Арҭ амшқәа рзы ирацәоуп шәылша аҭынчра аиқәырхаразы", - иҳәеит атәыла ахада.

Лаҵара 20 рзы Апарламент аҿаԥхьа еизаз аоппозициаа рхаҭарнакцәа аҳәамҭа ҟарҵеит азеиԥшмилаҭтә акциа шымҩаԥырго азы.

Аганқәа рыҩбагь аҩаша, лаҵара 21 рзы еиқәышаҳаҭрак иазкылсит.

Акциа алахәылацәа ақәшаҳаҭхеит атәыла ахада иалхра аҿҳәара ԥхынгәы 21 аҟынтәи нанҳәа 25 ахь.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0