Раԥхьатәи ақәыргыламҭа: "Ацынҵәарах " апремиера шымҩаԥысыз

"Ацынҵәарах" апремиера иахәаԥшырц азы Аԥсны Аҳәынҭқарратә драматә театр ашҟа имҩахыҵит атеатртә ҟазара абзиабаҩцәа рацәаҩны.
Sputnik

Аԥсуа ҳәынҭқарратә Аҿар ртеатр Баграт Шьынқәба ироман "Ацынҵәарах" ала аспектакль ықәныргылеит.

Аспектакль аҟнытә афотоҭыхымҭақәа шәрыхәаԥшыр ҟалоит абра>>

Ахәаԥшцәа рҿаԥхьа актиорцәа ҟазарыла иаадырԥшит аҭоурыхтә хҭыс – ауыблаа рхырҵәара иадҳәалоу алахьеиқәра, ахәыцрақәа. Акыр угәы ҿнакаартә иҟаз аепизодқәа иреиуоуп ауыблаа зықәтәаз ашхәа аҟны, ан иԥсхьаз лхәыҷы длырцәошәа аныҟалҵоз, уи длымхны амшын дарымҭарц азы. Ари аепизод Баграт Шьынқәба иажәеинраала "Шьышь-нани" иалху ашәа аҳәон.

Баграт Шьынқәба ироман "Ацынҵәарах" ала лаҵара 22 азы апремиера мҩаԥысит. Лаҵара 23 рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә театр аҟны Аҿар ртеатр ақәыргыламҭа арбара еиҭа имҩаԥнагоит. Аспектакль арежиссиор-ақәыргылаҩс дыҟоуп Аҿар ртеатр актиор Алиас Аҩӡба.