Корсаиаԥҳа "Интермузеи" иазкны: атәыла аӡыргара иацхраауеит
© Sputnik
"Ас еиԥш ауснагӡатә атәыла аӡыргаразы даара акраҵанакуеит. Ҳара даара ҳаигәырӷьоит, ҵыԥхгьы ҳалахәын, сынтәагьы ааԥхьара ҳауит. Дырмит Гәлиа диижьҭеи 145 шықәса аҵра инарҭбааны сынтәа иазгәаҳҭеит, ацәыргақәҵа ҟаҳҵеит. Жәларбжьаратәи афестиваль "Интермузеи-2019" аҟны ҳара атематикатә цәыргақәҵа ҳамоуп. Гәлиа диижьҭеи 145 шықәса аҵреи, ҳмузеи 45 шықәса ахыҵреи, агазеҭ "Аԥсны" 100 шықәса ахыҵреи, акрызҵазкуа аиубилеитә рыцхәқәа ирызкхоит ҳпавиолион аҟны ацәыргақәҵа", - лҳәеит Корсаиаԥҳа.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.