Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Корсаиаԥҳа "Интермузеи" иазкны: атәыла аӡыргара иацхраауеит

© Sputnik / Томас ТхайцукСветлана Корсаиаԥҳа
Светлана Корсаиаԥҳа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Дырмит Гәлиа ихьӡ зху алитература-мемориалтә музеи аиҳабы Светлана Корсаиаԥҳа арадио Sputnik аҟны еиҭалҳәеит Москва имҩаԥысуа амузеиқәа Жәларбжьаратәи рфестиваль "Интермузеи-2019" аҟны еиҿыркаауа ацәыргақәҵа зызкхо.
Корсаиаԥҳа "Интермузеи" иазкны: атәыла аӡыргара иацхраауеит

"Ас еиԥш ауснагӡатә атәыла аӡыргаразы даара акраҵанакуеит. Ҳара даара ҳаигәырӷьоит, ҵыԥхгьы ҳалахәын, сынтәагьы ааԥхьара ҳауит. Дырмит Гәлиа диижьҭеи 145 шықәса аҵра инарҭбааны сынтәа иазгәаҳҭеит, ацәыргақәҵа ҟаҳҵеит. Жәларбжьаратәи афестиваль "Интермузеи-2019" аҟны ҳара атематикатә цәыргақәҵа ҳамоуп. Гәлиа диижьҭеи 145 шықәса аҵреи, ҳмузеи 45 шықәса ахыҵреи, агазеҭ "Аԥсны" 100 шықәса ахыҵреи, акрызҵазкуа аиубилеитә рыцхәқәа ирызкхоит ҳпавиолион аҟны ацәыргақәҵа", - лҳәеит Корсаиаԥҳа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0