Анатоли Бибилов атәыла ахада иалхрақәа маншәалан ицарц рзеиӷьеишьеит аԥсуаа

Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Анатоли Бибилов Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Лев Кәыҵниа еиԥылеит.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 27 — Sputnik. Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Анатоли Бибилов Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Лев Кәыҵниа иԥылараан Аԥсны атәыла ахада иалхрақәа раан аҭынчра аҟазаара рзеиӷьеишьеит атәыла ауааԥсыра ҳәа аанацҳауеит Аахыҵ Уаԥстәыла ахада иофициалтә саит.

Аҳәынҭқарра анапхгареи аоппозициеи еиқәшаҳаҭхеит

Бибилов Лев Кәыҵниа ила Рауль Ҳаџьымбеи аԥсуа жәлари ирзааицҳаит аизҳазыӷьареи аҭынчреи шырзеиӷьеишьо, алхрақәа ҭышәынтәаланы рымҩаԥысра дшақәгәыӷуа.

"Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рҟны алхрақәа ԥынгыла рымамкәа имҩаԥысып ҳәа сгәыӷуеит", - ҳәа иҳәеит Аахыҵ Уаԥстәыла ахада.

Аԥсны ахада иалхра мҩаԥысраны иҟан ԥхынгәы 21 рзы, аха аоппозициаа урҭ ҭагалан ахь ииагазарц адҵа ҟарҵеит, аоппозициа аҟынтәи акандидат игәамбзиара иахырҟьаны.

Рауль Ҳаџьымбеи аоппозициа рхаҭарнакцәеи аиҿцәажәаразы еиԥылеит

Ашәахьа, лаҵара 20 рзы атәыла ахадеи аоппозициаа рхаҭарнакцәеи реиқәышаҳаҭрала алхрақәа ррыцхә нанҳәа 25 ахь ииаргеит