Рауль Ҳаџьымбеи аоппозициа рхаҭарнакцәеи аиҿцәажәаразы еиԥылеит

© Sputnik / Томас ТхайцукМитинг оппозиционных сил у здания Парламента
Митинг оппозиционных сил у здания Парламента - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьа ҩымшуп Аԥсны аоппозициа атәыла ахада Рауль Ҳаџьымба инапынҵақәа аанижьроуп ҳәа дҵаны иҟарҵеижьҭеи.

АҞӘА, лаҵара 21– Sputnik. Бадри Есиава. Аоппозициатә мчра ахаҭарнакцәа хҩык аполитикатә еиҿцәажәарақәа рзы ааԥхьара рыҭан Аԥсны аҳәынҭқарра ахада Рауль Ҳаџьымба иахь.

Рауль Ҳаџьымба - Sputnik Аҧсны
Рауль Ҳаџьымба Аԥсны ажәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит атәылаҿ имҩаԥысуа ахҭысқәа инарымаданы

Аԥсны атәылахьчара аминистр Мираб Кьышьмариа атәыла ахадареи аоппозициатә мчрақәеи дрыбжьацәажәоит. Иара ицны аҳәынҭқарра ахадахьы инеит Сергеи Шамба, Тимураз Хышба, Нодар Какәбаа.

Аԥсны Апарламент аԥхьа ҭынчроуп, аимак-аиҿак аҭыԥ рымам, еизаз ауааԥсыра аиҿцәажәарақәа рылҵшәақәа ирзыԥшуп.

Аԥсны аоппозициатә мчрақәа рхада Аслан Бжьаниа Москватәи ахәышәтәырҭа дҭоуп мшаԥы 18 раахыс. Уи игәабзиара аҭагылазаашьа аиԥш зеиԥшу рыхьны Склифосовски ихьӡ зху ахәышәтәырҭа иҭашәеит уи ихьчаҩцәа Кьасоу Дарсалиеи Леван Бжьаниеи.

Лаҵара 2 рзы аоппозицитә мчқәа апресс-конференциаҿы ирыларҳәеит Аслан Бжьаниа атәыла ахадак иаҳасабала ихьӡ рҳәараны ишыҟоу азы.

Аԥсны апрокуратура - Sputnik Аҧсны
Аԥсны апрокуратура хада Аслан Бжьаниа иԥеи иԥшәмаԥҳәыси рҿахәы рҿырхраны иҟоуп

Лаҵара 16 рзы аҳәамҭа ҟаҵан Аслан Бжьаниа ишьа артут аланы ишышьақәыргыло, уи иаанаго ашҳамыркра шизуз ауп ҳәа. Аслан Бжьаниа идгылаҩцәа алхрақәа рыҿҳәара инахазарц ажәадгала ҟарҵеит.

Лаҵара 17 рзы Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак еиҿнакааит агәыԥ ҷыда, лаҵара 20 инаркны урыстәылатәи апрокуратура аусзуҩцәа алархәны иҟалаз ахҭыс ҭызҵаауа.

Лаҵара 20 рзы аоппозициатә мчрақәа Реидгыла Аԥсны апарламент аҿаԥхьа амитинг мҩаԥыргоит алхрақәа ҭагалан ахь риагара азҵаара инадҳәаланы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0