Аԥсны еизгоу акоманда ашьапылампыласцәа раԥхьатәи аҽазыҟаҵара мҩаԥыргеит

Аҽазыҟаҵарақәа рыламҭалаз аԥснытәи акоманда зыҩноу асасааирҭахь инеиит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба зхадараҿы дыҟоу аԥснытәи аделегациа.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 31 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥснытәи еизгоу амилаҭтә шьапылампылтә команда аԥхьатәи азыҟаҵарақәа мҩаԥнагеит ConIFA-2019 ахәмаррақәа рыламҭалаз ҳәа Sputnik адырра аиҭеит азыҟаҵаҩ хада ицхырааҩ Беслан Гәыблиа.

Аԥснытәи акоманда Арцахҟа инеит ConIFA-2019 алахәхаразы

"Амҩа ҩымш инареиҳаны ҳақәын. Ҳааԥсеит. Ҩымш ҳамоуп аҳауа ҳҽанҳарнааларц. Иахьа раԥхьатәи аҽазыҟаҵара мҩаԥаагеит. Уаҵәгьы аҽа мшык ҳамоуп", - иҳәеит иара.

Гәыблиа иазгәеиҭеит ахәмаррақәа мҩаԥысраны иахьыҟоу адәқәа рҭагылазаашьа шыбзиоу.

"Ҳкоманда алахәылацәа бжьаратәла рышықәс 23 иеиҳам. Сгәы иаанагоит азыҟаҵаҩ Беслан Аџьынџьал аҿар ахьадиԥхьалаз бзиан иҟаиҵеит ҳәа. Аиааира ашықәс иахьыԥшӡам, агәаҳәароуп изыцныҟәо", - иҳәеит иара.

Аԥсны еизгоу акоманда ашьапылампыласцәа раԥхьатәи аҽазыҟаҵара мҩаԥыргеит

Ҳкоманда аҿаԥхьа дҵаны иқәгыло турнир-цыԥхьаӡа аиааироуп.

"2016 шықәса рышьҭахь имҩаԥысуаз ачемпионатқәа рҿы ҳхы ҳзаамырԥшит. Уажәы ҳхы ҳариашартә алшара ҳамоуп. Ҳара адунеи ачемпионцәақәак рыҳасаб ала актәи аҭыԥ ада егьырҭ аҭыԥқәа ҳара ҳзы аҵахароуп ираанаго", - иҳәеит Гәыблиа.

Аҽазыҟаҵарақәа рыламҭалаз аԥснытәи акоманда зыҩноу асасааирҭахь инеиит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба зхадараҿы дыҟоу Галуст Трапизониани Валери Маиромиани злахәу аԥснытәи аделегациа.

Аԥсны еизгоу акоманда ашьапылампыласцәа раԥхьатәи аҽазыҟаҵара мҩаԥыргеит