Аԥсны иеизгоу акоманда ахьчаҩ аҽазыҟаҵараан ааха иоуит

ConIFA аегида аҵаҟа иҟоу Европа ачемпионат мҩаԥысуеит Ашьха Ҟарабах аҳҭнықалақь аҟны рашәара 1 инаркны 9-нӡа. Уи иалахәуп Аԥсны иеизгоу акоманда.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 2 – Sputnik. Ашьапылампыл азы Аԥсны иеизгоу акоманда ахьчаҩ Роман Зикрач Степанакерт аҽазыҟаҵара анымҩаԥигоз ааха иоуит ҳәа ааицҳауеит амилаҭтә команда аҳақьым Владимир Тихоненко.

"Роман аҽазыҟаҵараан ишьапы ишакәымыз дақәгылан, икапан зегь ала ишьапы дақәҳаит. Ишьапаҵа ахәбатәи ахәҿатә баҩы шышьшьаз шьақәырӷәӷәан. Ахәмарыҩ ахәышәтәра дахысроуп, ишьапы агипс иҭаҵоуп", - иҳәеит Тихоненко.

Аԥсуа шьапылампыласыҩ иаҭахыз амедицинатә цхыраара иоуит. Иара ишьапы анышьақәгылалак, ахәмаррақәа ирыциҵар илшоит.

"Абаҩԥҵәақәа зегьы ӷьоит, еиҳарак аҿарацәа рыбжьара. Иақәнагаз ахәышәтәра изышьақәдыргылеит, иҭагылазаашьаҟны ихәарҭоу афатә-ажәтәгьы изԥырҵәеит", - азгәеиҭеит амилаҭтә команда аҳақьым.

Sputnik Аԥсны ConIFA-2019 ахәмаррақәа днарбалоит

Акоманда ахьчаҩ ԥшьымчыбжьа инарыцны рыла дшьақәгылоит. Чамериеи Аԥсныи амҽыша, рашәара 2 рзы рыхәмарраан Зикрач дзыԥсахуа макьана иӡбахә ҳәам.

ConIFA аегида аҵаҟа иҟоу Европа ачемпионат мҩаԥысуеит Ашьха Ҟарабах аҳҭнықалақь Степанакерт рашәара 1 инаркны 9-нӡа.

Агәыԥ "А" иаҵанакуеит: Аԥсны, Чамериа (Албаниа), Сапми (Лапландиа), Арцах. Агәыԥ "Б": Паданиа (Италиа), Секеитәи атәылаҿацә (Румыниа), Мраҭашәаратәи Ермантәыла (Ҭырқәтәыла), Аахыҵ Уаԥстәыла.

Аԥснытәи акоманда аилазаараҿ иҟоуп: амбахьчаҩцәа - Инал Қацәба, Илиа Шьчерба, ахьчаҩцәа - Лев Ҭарба, Георги Жанаа, Лев Бабурин, Асҭамыр Ҵышәба, ахьчаҩбжацәа - Ҭемыр Агрба, Шабаҭ Логәуа, Тарас Ҳагба, Гига Бениӡе, Виктор Ԥимԥиа, Даур Ҷанба, Ака Званбаиа, Алан Хугаев, Даниил Чрыгба, Гәдиса Смыр, Роман Зикрач, ажәылаҩцәа - Дмитри Маскаев, Рамин Барцыц, Данило Арӡынба.

Официалла FIFA иалахәым Ихьыԥшым ашьапылампылтә ассоциациақәа рконфедерациа шьаҭаркын рашәара 7, 2013 шықәсазы. Уи иалоуп 40 инареиҳаны акомандақәа. 2016 шықәсазы Аԥсны имҩаԥысуан, усҟан аиааира агеит Аԥсны иеизгоу акоманда.