Аԥсны иеизгоу акоманда еиҭакуп ахьчаҩ иоуз ааха иахҟьаны

Ашьапылампыл азы Аԥсны иеизгоу акоманда ахьчаҩ Роман Зикрач Степанакерт аҽазыҟаҵара анымҩаԥигоз ааха иоуит, ConIFA иаҵанакуа Европа ачемпионат аҟны актәи ахәмарра аламҭалаз.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 2 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны иеизгоу акоманда еиҭакуп ахьчаҩ иоуз ааха иахҟьаны, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Ашьапылампыл афедерациа апресс-маҵзура.

Атурнир аҟны актәи ахәмаррахь ицәырҵуеит - амбахьчаҩ Инал Қацәба, ахьчаҩцәа - Георги Жанаа, Лев Бабурин, Ҭемыр Агрба, Дмитри Маскаев, Шабаҭ Логәуа, Гига Бениӡе, Виктор Ԥимԥиа, Даур Ҷанба, Алан Хугаев, Георги Дгебуаӡе.

Аԥсны иеизгоу акоманда еиҭакуп ахьчаҩ иоуз ааха иахҟьаны

Ахьчаҩ Роман Зикрач ашьапылампыл адәахьы дцәырҵыр акәын акоманда аилазаара хадаҿы атурнир аҟны Аԥсныи Чамериеи актәи рыхәмарраҿы, уи ахәмарра Sputnik Аԥсны ишиашоу аефир ала асаит аҟны иднарбоит асааҭ 15:00 рзы.

Аџьынџьал Аԥсны акомандаҟны изқәымгәыӷуаз аԥсахразы: ҳахәмаршьа ианыԥшуам

ConIFA аегида аҵаҟа иҟоу Европа ачемпионат мҩаԥысуеит Ашьха Ҟарабах аҳҭнықалақь Степанакерт рашәара 1 инаркны 9-нӡа.

Агәыԥ "А" иаҵанакуеит: Аԥсны, Чамериа (Албаниа), Сапми (Лапландиа), Арцах. Агәыԥ "Б": Паданиа (Италиа), Секеитәи атәылаҿацә (Румыниа), Мраҭашәаратәи Ермантәыла (Ҭырқәтәыла), Аахыҵ Уаԥстәыла.

Официалла FIFA иалахәым Ихьыԥшым ашьапылампылтә ассоциациақәа рконфедерациа шьаҭаркын рашәара 7, 2013 шықәсазы. Уи иалоуп 40 инареиҳаны акомандақәа. 2016 шықәсазы Аԥсны имҩаԥысуан, усҟан аиааира агеит Аԥсны иеизгоу акоманда.