Ашьха Ҟарабах иаатит ConIFA-2019 иаҵанакуа Европа ачемпионат

ConIFA аегида иаҵанакуа Европа ачемпионат мҩаԥысуеит Ашьха Ҟарабах аҳҭнықалақь Степанакерт рашәара 1 инаркны 9-нӡа. Уи иалахәуп Аԥсны иеизгоу акоманда.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 2 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. ConIFA аегида иаҵанакуа Европа ачемпионат аартра ацеремониа мҩаԥысит Ашьха Ҟарабах аҳҭнықалақь Степанакерт рашәара 1 ауха, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны Ашьапылампыл афедерациа апресс-маӡаныҟәгаҩ Алхас Манаргиа.

"Ачемпионат аартра ахәаԥшразы еизеит 20 нызқьҩык рҟынӡа ауааԥсыра. Уи иалахәын Ашьха Ҟарабах ахада, Алада Уаԥстәыла Ахада, Аԥсныи Алада Уаԥстәылеи рыдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа, иара убас Аԥснытәи Аерманцәа рдиаспора аиҳабы Галуст Трапизониан, аполитикатә усзуҩ Константин Затулин, егьырҭ асасцәа дахьқәа", - иҳәеит Манаргиа.

Ашьха Ҟарабах иаатит ConIFA-2019 иаҵанакуа Европа ачемпионат

Европа ачемпионат аартра ацеремониа ныҳәак иаҩызан, кәашарылеи шәаҳәарылеи имҩасит, асалиут ала ихыркәшан.

Аԥсны иеизгоу акоманда ахьчаҩ аҽазыҟаҵараан ааха иоуит

Аԥснытәи акомандеи Чамериа акомандеи рыхәмарра арбара мҩаԥысуеит рашәара 2 асааҭ 15:00 рзы. Рашәара 3 асааҭ 17:00 рзы имҩаԥысуеит Аԥсныи Сапми ркомандақәа реицыхәмарра. Рашәара 4 асааҭ 17:00 рзы ашьапылампыл абзиабаҩцәа ахәаԥшырц рылшоит Аԥсныи Арцахи ркомандақәа рыхәмарра. Афиналтә хәмарра дырбахоит рашәара 9 асааҭ 19:00 рзы.

Агәыԥ "А" иаҵанакуеит: Аԥсны, Чамериа (Албаниа), Сапми (Лапландиа), Арцах. Агәыԥ "Б": Паданиа (Италиа), Секеитәи атәылаҿацә (Румыниа), Мраҭашәаратәи Ермантәыла (Ҭырқәтәыла), Аахыҵ Уаԥстәыла.

Ашьха Ҟарабах иаатит ConIFA-2019 иаҵанакуа Европа ачемпионат

Аԥснытәи акоманда аилазаараҿ иҟоуп: амбахьчаҩцәа - Инал Қацәба, Илиа Шьчерба, ахьчаҩцәа - Лев Ҭарба, Георги Жанаа, Лев Бабурин, Асҭамыр Ҵышәба, ахьчаҩбжацәа - Ҭемыр Агрба, Шабаҭ Логәуа, Тарас Ҳагба, Гига Бениӡе, Виктор Ԥимԥиа, Даур Ҷанба, Ака Званбаиа, Алан Хугаев, Даниил Чрыгба, Гәдиса Смыр, Роман Зикрач, ажәылаҩцәа - Дмитри Маскаев, Рамин Барцыц, Данило Арӡынба.

Манаргиа: Ашьхатә Ҟарабах рчеиџьыка рнапы иқәыргыланы иаҳԥылеит>>

Официалла FIFA иалахәым Ихьыԥшым ашьапылампылтә ассоциациақәа рконфедерациа шьаҭаркын рашәара 7, 2013 шықәсазы. Уи иалоуп 40 инареиҳаны акомандақәа. 2016 шықәсазы Аԥсны имҩаԥысуан, усҟан аиааира агеит Аԥсны иеизгоу акоманда.