Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Манаргиа: Ашьхатә Ҟарабах рчеиџьыка рнапы иқәыргыланы иаҳԥылеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАлхас Манаргия на радио Sputnik
Алхас Манаргия на радио Sputnik - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашьапылымпыл азы афедерациа апресс-маӡаныҟәгаҩ Алхас Манаргиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Ашьхатә Ҟарабах ишрыдыркылаз Аԥсны еизгоу акоманда алахәцәа.
Манаргиа : Ашьхатә Ҟарабах рчеиџьыка рнапы иқәыргыланы иаҳԥылеит

Аԥсны еизгоу ашьапылымпылтә команда иахьа Ашьхатә Ҟарабах иаҭааит Конифа аверсиала Европа ачемпионат рхы аладырхәырц. Сынтәа ачемпионат мҩаԥысуеит рашәара акы инаркны жәбанӡа.

"Даараӡа ибзианы ҳрыдыркылеит. Ереван аҳаир баӷәазаҟны иаҳԥылеит, анаҩс иманшәалоу автобус ала Степанакертҟа амҩа ҳақәлеит. Уи фбаҟа-бжьбаҟа сааҭ ҳақәхазар ҟалап. Амҩан ааҭгылара ҟарҵеит шьыжьхьа афаразы. Убас аишәа дырхиеит асасцәа дахьцәа уанырзыԥшу, ус узырԥымлар ҟалап. Стапанакерт ҳаналалоз рчеиџьыка рнапы иқәыргыланы иаҳԥылеит, милаҭ маҭәала рҽеилаҳәаны. Ачемпионат иалахәу акомандақәа еиуеиԥшым рбызшәақәа рыла «Бзиала шәаабеит!» ҳәа аҩырақәа анын. Аҳаирплан маҷ акәзар иаҳхаԥраауан. Асасааирҭа аҟны акәзар иаҳҳәарызеишь ҳәа аволонтиорцәа ҳахӡыӡаауеит, иабаҳацхраари ҳәа иҳахәаԥшуеит", - ихәеит Манаргиа.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Ажәабжьқәа зегьы
0