Саида Жьиԥҳа, Sputnik
Форд Чычба - аекскурсиамҩаԥгаҩс аусура далагеит 2001 шықәсазы, усҟан иара Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә Университет, аҭоурыхтә факультет аҩбатәи акурс хҩаны, аԥсшьара дыҟан. Форд дреиуоуп, аибашьра ашьҭахь еиҵагылаз раԥхьатәи аексурсиамҩаԥгаҩцәа.
"Сара санстудентыз нахыс, Адгәыр Бигәаа Шәачатәи итуристтә фирма Гагратәи аҟәшаҿы аусура салагеит. Ҷыдала, Краснодар атәылаҿацә акурортқәа рҟны зыԥсы зшьоз аекскурсиақәа рзымҩаԥаагон", - еиҭеиҳәоит Форд.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь еиҵагылаз аекскурсиамҩаԥгаҩцәа имаҷымкәа ауадаҩрақәа рызцәырҵуан. Аиҳарак аԥсшьаҩцәа аҳәаа ианахыргоз: ашьышь ԥшьсааҭк рҟынӡа, ахәылбыҽха ҩба-хԥа сааҭ иназынаԥшуа агәаран иқәгылан.
"50-ҩык аԥсшьаҩцәа рҭыԥ змаз автобус дуқәа рыла, дара аҳауархьшәашәага амамызт, амикрофонқәагьы еснагь аус руӡомызт, аха ҳаибачҳауа, аҽны хәлаанӡа ҳаицын, Аԥсны аҭыԥ ԥшӡарақәа дҳарбон. Гәаартыла ҳаицәажәара, ҳхымҩаԥгашьа аԥсшьаҩцәа ргәалаҟазаара шьҭнахуан, хымԥада агхақәагьы хнаҩон", - ҳәа азгәеиҭоит Форд Чычба.
2000 шықәсқәа ралагамҭазы Аԥсныҟа иаауаз аԥсшьаҩцәа реиҳараҩык ашәара рыман, еснагь иҵааун "аибашьра нҵәахьоума, имхысӡои" ҳәа. Форд иазгәеиҭеит, ҳтәылахь ԥсшьара ҳәа раԥхьатәи ашьаҿақәа ҟазҵоз, зықәра неихьаз ауаа шракәыз, аҿар аамҭакы ашьҭахь идәықәлеит.
Форд Чычба игәалашәоит, ҽнак иалагӡаны Риҵеи, Афон ҿыци рҭаара шыуадаҩыз, убри аҟнытә абжьыҭира мҩаԥыргон, урҭ рылҵшәақәа рыла иалырхуан ахырхарҭа.
Шықәсқәак рышьҭахь, аԥсшьаҩцәа ргәаҳәарақәа ирықәыршәаны, атуристтә фирмақәа "Ахьтәы мацәаз" (Золотое кольцо) захьӡыз аекскурсиа мҩаԥырго иалагеит. Уахь иаҵанакуеит Гагра, Аӡиаҵәа, аӡиа Риҵа, Лыхны, Афон ҿыц рҭаара, хымԥада амҩахь иаанҿасуа.
Форд Чычба, иахьа Михаил Ҳагәышь дызхагылоу атуристтә фирма "Сандеи" аҟны аиҳабы ихаҭыԥуаҩыс, аметодистси дыҟоуп. 18 шықәса аекскурсиамҩаԥгараҿы зхы бзиаӡаны иԥызшәахьоу Форд иидыруеит уи иацу ауадаҩрақәеи аҭакԥхықәреи ртәы.
Аԥсны аҭоурых, абзазара, аҵасқәа, ақьабзқәа, ажәлар ринтересқәа, аҭаацәараҿы аиҳабыи- аиҵбыи реизыҟазаашьақәа, аполитика, акультура, аҵарадырра, аԥсабаратә цәырҵрақәа, аԥстәқәа, аԥсаатәқәа уҳәа ирыдҳәалоу, ҵҩа змам азҵаарақәа рҭак аҟаҵашьа иақәшәо аекскурсиамҩаԥгаҩцәа ирзуҳәар ауеит, аминистрцәа реилазаара афункциақәа хәҭа-хәҭала инарыгӡоит ҳәа.
Избанзар, дара рнапы иануп, атәым ҳәынҭқаррақәа рҟнытә иаауа асасцәа абарҭқәа зегьы деилыркаара, уи инаваргыланы рџьабаа иабзоуроуп абиуџьет ахарҭәаарагьы.
Форд Чычба игәы иаланы иҳәеит, аҵыхәтәантәи аамҭазы ишырацәахаз амц-екскурсиамҩаԥгаҩцәа, иҟоуп Аԥсны иатәу, убас атәым ҳәанҭқаррақәа рҟнытә аԥарарҳаразы иаауа.
Амц-екскурсиамҩаԥгаҩцәа Аԥсны аҭоурых иацәыхароуп, убас аԥсшьаҩцәа ирзеиҭарҳәоит иҟам ианым. Ҳтәыла иаҭаауа атуристцәа еиԥшым, џьоукы амц ҵабыргны ирыдыркылозаргьы, егьырҭ ирыҵырхуеит. Аекскурсиамҩаԥгаҩ дпатриотзароуп, убас дыбжьаҟазазароуп.
"Ҳара ҳнапы иану даараӡа ирацәоуп: асас аҭыԥ ԥшӡарақәа рахь имҩаԥгареи, аҭоурых изеиҭаҳәареи, ишәарҭадара ацклаԥшреи, аҵыхәтәаны ацәанырра шьахәқәа иманы инаскьагареи", - инаҵишьит аекскурсиамҩаԥгаҩ.
Аӡәгьы изы имаӡаӡам, аекскурсиақәа раан, асасцәа ахьаанҿасуа аҭыԥқәа рҟны абнатә ԥстәқәеи, аԥсаатәқәеи зманы игылоу, аԥарарҳаҩцәа аӡәырҩы рхымҩаԥгашьа шбааԥсу, ҳмилаҭ шарԥхашьо.
"Сара изныкымкәа сақәшәахьеит, аӡиа Риҵеи, Афон ҿыци аԥсшьаҩцәа изыԥсоу рамҳәакәа, мчыла аԥстәқәеи, аԥсаатәқәеи рнапқәа, рхы, рҟәаҟәа иқәыртәаны рфото ҭыхны, нас имаҷымкәа аԥара шрымырхуаз. Ахә ҳаракы иақәымгәыӷуаз асасцәа, афото мап анацәырклак, аԥстәқәеи, аԥсаатәқәеи рыԥшәмацәа рықәымчуа иалагоит, уимоу аҳәызба цәырганы, иршәаны, аԥара рымызхуагьы ыҟоуп. Абас еиԥш ахымҩаԥгашьа даара ҳтәыла аҳаҭыр ланарҟәуеит, атуристцәагьы ргәы ахдыршәоит ҽазны Аԥсныҟа аара. Атәыла анапхгара рахь аҳәара ҟасҵоит абри аҭагылазаашьа хшыҩзышьҭра арҭарц. Макьаназы, ҳарҭ аексурсиамҩаԥгаҩцәа ҳарҿагылоуп", - ҳәа игәынамӡара ааирԥшит Форд.
Убас иара иҳәеит, амц-екскурсиамҩаԥгаҩцәа ралкааразгьы, иахәҭоу аусмҩаԥгатәқәа шеиҿкаатәу. Насгьы ӷәӷәала агәаҭарақәа шымҩаԥгатәу ахәҳахәҭратә ҭыԥқәа рҟны. Ибзиаӡаны иаҳдыруеит, зхаҭабзиара лаҟәу афатәи, арыжәтә џьбареи шәҩыла атуристцәа ргәабзиара аԥырхага шанаҭахьоу.
Форд иҳәеит, Аԥсныҟа иаауа аԥсшьаҩцәа аӡәырҩы, аинформациа шрымоу ари атәылазы. Хаҭала иқәшәахьеит Фазиль Искандери, Баграт Шьынқәбеи, Иуа Коӷониеи рыԥсҭазареи, рырҿиамҭақәеи ирыԥхьахьо.
"Аԥсны иаҭаауа рахьтә иҟоуп, иакымкәа-иҩбамкәа иреиҳау аҵара змоу, убас Кавказҭҵаара иадҳәалоу афакультетқәа ирылгахьоу. Убри аҟнытә, аекскурсиамҩаԥгаҩ алитературагьы дазҿлымҳазароуп. Гагра иҟалахьеит, Аԥсҳа-Леон имҩаҟны, "ари дазусҭада" ҳәа аԥсшьҩы данҵаа, "дышәҟәыҩҩуп" ҳәа аҭак анирҭа. Ус шаҟа…", - иҳәоит Форд.
Аекскурсиамҩаԥгаҩ еиҭеиҳәеит, иҿыцны ишаԥшьаргаз аӡиа Риҵа аҟны ашамҭа аԥылара. Уи зыла иабо, ашана иадырҳәалоит, ацәанырра шьахәқәа рызцәырнагоит.
18 шықәса ирылагӡаны, Форд иусураҿы еиуеиԥшым ахҭысқәа дрықәшәахьеит. Иихамшҭуа иреиуоуп, 80 шықәса зхыҵуаз атурист, Риҵа даннеи, ашәаԥыџьаԥ илаԥш рхыго аҵәыуара дшалагаз.
"Абырг илаӷырӡқәа анызба, иаасцәымыӷхан, "ишәыхьзеи" ҳәа снаидгылеит. Нас исзеиҭеиҳәеит, раԥхьаӡакәны ара дшыҟаз аашықәса анихыҵуаз иани, иаби дрыцны. Усҟан Сталин иԥсы ҭан. "Сгәыӷуамызт, саныхәыҷыз сзыршанхаз аԥсабара, сыԥсҭазаара ахырқәшамҭаз, еиҭа салаԥшоит ҳәа", абас ансеиҳәа, сгәы ԥшааит саргьы", - иажәабжь иациҵоит Форд.
"Ахьтәы мацәаз" (Золотое кольцо) захьӡу, 12 сааҭ имҩаԥысуа аекскурсиа иалагӡаны, асасцәа изҭааз атәыла иазкны ихарҭәаау аинформациа рызнаргоит, зыҩаӡара ҳараку аекскурсиамҩаԥгаҩцәа. Амш ахырқәшамҭаз еишьцылоит зегьы, аиҩызара рыбжьалоит. Атуристцәа иџьаршьоит, иҳәеит Форд, аԥсуа аекскурсиамҩаԥгаҩцәа шаҟа ицқьаны урысшәала ицәажәо.
Форд иазгәеиҭоит, аекскурсиамҩаԥгаҩ дыԥсихологзароуп ҳәа. Избанзар, иҟоуп атуристцәа акы абаҳҳәари ҳәа, уажәы-уажәы аҵәы зыршуа, убарҭгьы рнаалара аҭахуп.
"Зны, аҽны хәлаанӡа, сгәыԥ иалаз 50-ҩык рахьтә, ԥҳәызбак иаасҳәо зегьы даҿагылон, сара исчҳауан, сҽырҟәымшәышәны лызҵаарақәа рҭак лысҭон, аха лҽаанылкыломызт. Ахәылбыҽха ҳанеиԥырҵуаз, "ишәгәаԥхама" ҳәа санразҵаа, зегьы "ааи" рҳәеит, лара заҵәык ақәҿылымҭеит. Нас, сыбжьы неиҵыхны ажәамаанак рзеиҭасҳәеит. "Дәык аҟны еицынхоз амҵи, ашьхыци иразҵааит, шәҭыԥ зеиԥшреи ҳәа. Амҵ - зехьынџьара ауац шьҭоуп аҳәеит, ашьхыҵ-ашәҭ фҩыхаақәа убла хыркуеит" аҳәеит. Ажәакала, ауаҩы ак ныигәамԥхо амҵ даҩызоуп ҳәа ҿаасҭит. Сзымгәыӷуаз сгәыԥ анапеинҟьара иалагеит. Аҵәы зыршуаз аԥҳәызба ԥшьала дааиқәтәеит", - ахҭыс игәалашәоит Форд.
Форд Чычба иазгәеиҭеит, Краснодар атәылаҿацә акурорттә ҭыԥқәа рҟнытә иааԥхьаны, Аԥсны аексурсиақәа ззымҩаԥыргахьо асасцәа, иаӡәымкәа, егьи ашықәс азы ԥсшьара Аԥсныҟа ишаауа. Убри ауп ҳара хықәкы хадасгьы иҳамоу, иҳәеит иара.