Боциев: Аахыҵ Уаԥстәыла Апарламент ахь алхрақәа еилагарада имҩаԥысит

Аахыҵ Уаԥстәыла Апарламент ахь алхрақәа мҩаԥысуан рашәара 9 рзы, Аахыҵ Уаԥстәыла атәылауаа, Аԥсны инхо ирыман алшара ирҭаху акандидат изы Аҟәа, алхырҭатә ҭыԥ № 77 аҟны рыбжьы рҭиирц.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 10– Sputnik, Сариа Кәарацхьиаԥҳа. Аахыҵ Уаԥстәыла Апарламент ахь абжьыҭира хыркәшоуп ҳәа Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев.

Боциев ишиҳәаз ала Аҟәа рыбжьы рҭиит 17-ҩык Аахыҵ Уаԥстәыла атәылауаа.

Аахыҵ Уаԥстәыла Апарламент ахь алхрақәа: Аԥсны абжьыҭара амҩаԥысшьа

Ацҳаражәҳәарҭа адыррақәа рыла Аԥсны инхоит ҩеижәихәҩык рҟынӡа Аахыҵ Уаԥстәыла атәылауаа.

"Алхрақәа мҩаԥысит азакәан ишаҳәо ала. Аилагарақәа ҳәа акгьы азгәаҭамызт. Уажәы абыжьқәа рыԥхьаӡара ҳалагоит. Нас адыррақәа Цхинвалҟа ишьҭхоит", - иҳәеит Олег Боциев.

Аахыҵ Уаԥстәыла Апарламент ахь алхрақәа мҩаԥысуан рашәара 9 рзы, Аахыҵ Уаԥстәыла атәылауаа, Аԥсны инхо ирыман алшара ирҭаху акандидат изы Аҟәа, алхырҭатә ҭыԥ № 77 аҟны рыбжьы рҭиирц.

РИА Новости адыррақәа рыла Аахыҵ Уаԥстәыла абжьыҭирахь инеиит 50% иреиҳаны алхыҩцәа.

Зынӡа иаартын 77 алхырҭатә ҭыԥ: 73 – Аахыҵ Уаԥстәыла иахьаҵанакуаз, акы - Москва, ҩба – Нхыҵ Уаԥстәыла, акы – Аҟәа.