Аахыҵ Уаԥстәыла Апарламент ахь алхрақәа: Аԥсны абжьыҭара амҩаԥысшьа

© Sputnik / Михаил Мокрушин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАахыҵ Уаԥстәыла алхарақәа
Аахыҵ Уаԥстәыла алхарақәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аахыҵ Уаԥстәыла Апарламент ахь алхрақәа ҟалоит рашәара 9 рзы. Урҭ 15 шықәса рыҩнуҵҟа раԥхьаӡа акәны амажоритар-еизышаратә системала имҩаԥыргоит.

АҞӘА, рашәара 7 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев Sputnik аинтервиу аҭо еиҭеиҳәеит Аахыҵ Уаԥстәыла Апарламент ахь алхрақәа шымҩаԥысуа атәы.

"Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакырадгьыл аҿы (Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҿы - аред.) алхырҭатә ҭыԥ №77 аартхоит. Уажәы алхшьа маҷк аҽаԥсахит. Аахыҵ Уаԥстәыла аҵакырадгьыл аҿы мандатк иаҵанакуа акандидат изы абжьыҭара ҟалоит, атәыла анҭыҵ акәзар - апартиатә сиақәа рыла", - иҳәеит иара.

Ацҳаражәҳәаҩ иажәақәа рыла, Аԥсны инхоит 20-ҩык рҟынӡа Алада Уаԥстәыла атәылауаа.

Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Анатоли Бибилов Аԥсны аҳаҭыртә тәылауаҩ ҳәа ахьӡ ихҵоуп>>

"Ԥасатәи алхрақәа раан рыбжьы рҭиит 50-ҩык рҟынӡа ҳтәылауаа, урҭ усҟан ара ԥсшьара, ма аамҭала усура ҳәа иааз ракәын. Убри адагьы, арахь бжьыҭара ҳәа иаар ҟалоит Аахыҵ Уаԥстәыла атәылауаа, иаҳҳәап, Шәачантәи", - дазааҭгылеит Боциев.

Рашәара 8 рзы Аԥсныҟа иааргоит абиуллетенқәа. Иара убас, арахь иаар рылшоит алхрақәа ирылахәу апартиақәа зегьы рҟынтәи анаԥшцәа.

Министр иностранных дел Абхазии Даур Кове встретился со своим коллегой из Южной Осетии Дмитрием Медоевым - Sputnik Аҧсны
Дмитри Медоев: Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рҩызцәа рыԥшаара иацҵатәуп

Аԥсны Жәлар Реизара аиҳабы Валери Кәарҷиа излеиҳәаз ала, наԥшыҩцәак раҳасабала Аахыҵ Уаԥстәылаҟа алхрақәа рахь ицоит адепутатцәа Вианор Бебиеи Ашот Миносиани.

Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла Ацҳаражәҳәарҭа аҭыӡҭыԥ: ақ. Аҟәа, Лакоба имҩ., №23.

Аахыҵ Уаԥстәыла Апарламент ахь алхрақәа ҟалоит рашәара 9 рзы. Урҭ 15 шықәса рыҩнуҵҟа раԥхьаӡа акәны амажоритар-еизышаратә системала имҩаԥыргоит.

34-ҩык апарламентарицәа рыбжаҩык апартиатә сиақәа рыла иалххоит, егьи абжа - мандатк иаҵанакуа аокругқәа рыла.

Ажәабжьқәа зегьы
0