Ԥсоу аҳәааҿы иаԥырҟәҟәаауп закәаншьаҭада аԥсыӡи акәаци раалыҵ ахыгара

Урыстәыла-аԥснытәи аҳәааҿы иаԥырҟәҟәаауп закәаншьаҭада аԥсыӡи акәаци раалыҵ ахыгара.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 10 - Sputnik. Шәачатәи аҳазалхыҩцәеи аҳәаахьчаҩцәеи Урыстәыла-аԥснытәи аҳәааҿы иаԥдырҟәҟәааит закәаншьаҭада аԥсыӡи акәаци раалыҵ ахыгара. Абри атәы аанацҳауеит Аладатәи аҳазалхратә усбарҭа асаит.

Ԥсоу аҳәааҿы иаԥырҟәҟәаауп закәаншьаҭада аԥсыӡи акәаци раалыҵ ахыгара

HYUNDAI SANTA FE амашьынаныҟәцаҩ аҳазалхратә деклорациа хеимырҭәааит, ҿырҳәалатәи иҿахәҿыхраан ахатәы маҭәоуп ииазго иҳәеит. Аҳазалхратә гәаҭара ахысраан иаарԥшын ацеллофан пакет еиқәаҵәақәа ирылаҳәаз иҵаарку аԥсыӡ.

Атауари автомашьынеи ырбаандаҩуп, аԥсыӡ аекспертизахь ишьҭуп. Административтә зинеилагараз аус хацыркхоит.

Аԥсны атәылауаҩ изакәанамкәа аҭаҭын ахыгара иҽаназишәоз аҳәааҿы даанкылоуп

Егьи автомашьына "HONDA ELYSION", Аԥснынтәи Урыстәылаҟа амҩа иқәыз аҿы аҳазалхыҩцәа ирыԥшааит акәацаалыҵ. Аԥсны атәылауаҩ аҳәаа ахыгара иҽазишәон 61,5 кьыла акәац рҩа. Атауар аекспертизахь инашьҭуп.