Аԥсны атәылауаҩ изакәанамкәа аҭаҭын ахыгара иҽаназишәоз аҳәааҿы даанкылоуп

© Foto / Пресс-служба Сочинской ТаможниКонтрабанда сигарет в тачке на Псоу, 3 июня 2019
Контрабанда сигарет в тачке на Псоу, 3 июня 2019 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Адекларациа зызумыз аҭаҭын аалыҵ аанкылан аҳәынҭқарратә ҳәаа ахыгараан.

АҞӘА, рашәара 3 – Sputnik. Шәачатәи аҳазалхыҩцәа Аԥсны атәылауаҩ дааныркылеит акциз маркақәа зқәымыз аҭаҭын аалыҵ аҳәынҭқарратә ҳәаа ахыгара иҽаназишәоз.

Аҭаҭын аалыҵ аҳәаа изакәанымкәа аиагара - Sputnik Аҧсны
Аҭаҭын аалыҵ Аԥснынтәи Урыстәылаҟа изакәанымкәа ииаргон

Шәачатәи аҳазалхратә усбарҭа апресс-маҵзура адыррақәа рыла ахаҵа адекларациа ззутәу атауар умоума ҳәа аҳазалхҩы изҵаара "мап" ҳәа аҭак ҟаиҵеит. Аҳазалхыҩцәа акинолог ицхыраарала амашьына ангәарҭоз ирбеит аҭаҭын аалыҵ.

"Асумкаҿ адекларациа иаҵанакуаз атауар ыҟамызт, аха лабрадор ретривер Зевс Даикон Онри фҩышәаны иднарбеит атауар аидарамҩангага акәырҷыжь аҿы иҟазар шалшо азы", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Аиҭагәаҭараан иаарԥшын акәырҷыжь аҵақәа ҩба аманы ишыҟаҵаз. Аҵа маӡаҿы ирбеит 13 ҭоԥ асигарет.

Атауар аекспертизахь инашьҭуп. Абри ахҭыс аганахь ала административтә усҭҵаара хацыркуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0