Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҿ адкылара мҩаԥысит

Урыстәыла Амш аныҳәа аламҭалазы Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭахь инеиит Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба зхадараҿы дыҟаз ареспублика анапхгара, аҳәынҭқарратә усҳәарҭақәа рнапхгаҩцәа, ауснагӡатә асас – Урыстәыла Ашәарҭадаратә хеилак аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Рашид Нургалиев.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 11 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Урыстәыла Амш - рашәара 12 аламҭалазы Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҿ аныҳәатә дкылара мҩаԥыргеит.

Урыстәыла Амш аныҳәа аламҭалазы Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭахь инеиит Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба зхадараҿы дыҟаз ареспублика анапхгара, аҳәынҭқарратә усҳәарҭақәа рнапхгаҩцәа, ауснагӡатә асас – Урыстәыла Ашәарҭадаратә хеилак аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Рашид Нургалиев.

Рауль Ҳаџьымбеи Рашид Нургалиеви еиԥылеит

"Азин сышәҭ Урыстәыла Амш аныҳәа шәыдысныҳәаларц. Ари амш атәыла аполитикатә, аекономикатә, адоуҳатә еиҭакра иахыҵхырҭоуп", - иҳәеит иара.

Аиҭакрақәа рылҵшәақәа ауадаҩрақәа шрыцызгьы урҭ риааира алыршахеит ҳәа иҳәеит Нургалиев.

"Адемократиатә институтқәа ҿиацыԥхьаӡа, ауаажәларра рыбзазара еиӷьхацыԥхьаӡа еиҳа-еиҳа ҳаилаҵәоит, ҳҭышәынтәалоит", - иҳәеит Урыстәыла Ашәарҭадаратә хеилак аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Рашид Нургалиев.

Урыстәыла аҳәынҭқарра еиҳа рыӷәӷәашьас иамоу атәы ҳәо Нургалиев Фазиль Искандер иажәақәа ааигеит.

"Урыстәылатәи, Аԥснытәи ашәҟәыҩҩы Фазиль Искандер ишиҳәоз еиԥш: "Дарбанызаалак иара илшо абзиара ҟаиҵо далагар, уи ҳәаадахоит". Убас ауп ҳаԥсадгьыл азгьы ишыҟаҵалатәу", - иҳәеит иара.

Рашид Нургалиев Аԥсныи Урыстәылеи реизыҟазаашьа хра аманы дахәаԥшуеит.

"Ҳара иаҳҵеит жәларбжьаратәи аренаҿы ҳхатәы политика амҩаԥгашьа. Абри ҿырԥштәыс иамоу иреиуоуп 2008 шықәса рзы Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара", - иҳәеит Нургалиев.

Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭеит рашәара 12 1990 шықәса ҳаамҭазтәи аҭоурых аҿы актуалреи аполитикатә ҵаки аманы ишыҟоу. Урыстәыла Аԥсны ахьыԥшымра аназханаҵа ашьҭахь аҳәынҭқаррақәа рыбжьара аизыҟазаашьақәа аҿиара ҿыц роуит ҳәа азгәеиҭеит Ҳаџьымба.

"Аиҩызареи астратегиатә усеицуреи аиқәышаҳаҭра аԥҟарақәа рынагӡара ҳаҿуп. Аҿиара рыҭоуп асоциал-економикатә программақәа. Абри амш аҽны исҭахуп Урыстәыла ажәлар зегьы ирыдысныҳәаларц аныҳәа ҷыда, ирзеиӷьасшьарц агәабзиара, анасыԥ, ақәҿиарақәа", - иҳәеит Рауль Ҳаџьымба.