АҞӘА, рашәара 11 – Sputnik. Ҩ-ганктәи аиқәышаҳаҭрақәа шьаҭас иззыҟоу Аԥсныи Урыстәылеи русеицура хра аманы иҟоуп, ҳазыхиоуп аусура, аинырра ҳәа иҳәеит Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымбеи Рашид Нургалиеви реиԥылараҟны.
"Ҳусеицура хыҵхырҭаны иамоуп Аԥсны аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара анапы зҵаҩу Аиқәшаҳаҭра ду. Арахь иаҵанакуеит: азинхьчаратә органқәа, атәылахьчара, аҳәаахьчара, аҳазалхратә усбарҭақәа русура. Имҩаԥааго ауснагӡатәәқәа иаадырԥшуеит аганқәа аусура ишазыхио", - иҳәеит Аԥсны ахада.
Нургалиев иазгәеиҭеит ашәарҭадара аусхк аҟны аусеицура аҵак ду аманы ишыҟоу.
"Ашәарҭадаратә ҵакыра ҳара ҳзы акраҵанакуаны иҟоуп", - иҳәеит иара.
Урыстәыла ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩ Рашид Нургалиев усутә визитла Аԥсны даҭааит рашәара 10 рзы.